АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи Урыстәыла Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара апалатақәа рхантәаҩцәеи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Ацҳаражәҳәаҩи Урыстәыла Аконституциа Амш рыдиныҳәалеит.

Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко лыхьӡала ишьҭу адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Афедерациа Ахеилак ҳаамҭазтәи Урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашьаҭа зырӷәӷәаз, уи атәылауаа рзы итрадициатәу адоуҳатә-леишәатә ҵасқәа реиқәырхара алзыршо Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа инақәыршәаны иаԥҵоуп. Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа Урыстәылатәи аҳәынҭқарра аҿиара ахырхарҭа хадақәа ҳәаақәнаҵоит, аамҭа ицәырнаго ашәарҭара дуқәа инарықәыршәаны зыда ԥсыхәа ыҟам азыӡбақәа рыдкылара иацхраауеит. 2020 шықәсазы урыстәылазегьтәи жәлар рыбжьыҭирала ишьақәырӷәӷәаны Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа иалагалаз аиҭакрақәа, аҳәынҭқарра аҿиара апроцесс аҿы имҩаԥысуа аҭоурыхтә еиҭакрақәеи атәыла иҭышәынтәалоу аекономикатә ҿиареи рзы хра злоу аҭагылазаашьақәа раԥҵара иазырхоуп.  

Ҳара агәра ҳгоит аԥсны-урыстәылатәи апарламентбжьаратә усеицура аԥхьаҟгьы арӷәӷәара Аԥсны Урыстәылеи рыжәларқәа ринтересқәа инарықәыршәаны ҳҳәынҭқаррақәа реизыҟазаашьақәа реизырҳара ишацхраало».

Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Виачеслав Володин изырханы Лаша Ашәба иҳәеит: «Ҩажәижәаба шықәса раԥхьа иуадаҩыз аҭоурыхтә период азы ирыдыркылаз Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа ҳаамҭазтәи урыстәылатәи аҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы акырӡа зҵазкуа ароль нанагӡеит. Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа  уи азинтә система уасхырс иамоуп, УА аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара шьаҭас иамоуп. Гәахәарала иазгәаҳҭоит астратегиатә усеицура аганахьала аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аԥхьаҟагьы рырӷәӷәара наҟ-ааҟгьы азҿлымҳара шаҳҭо. Ҩ-ганктәи аимадарақәа рҟазшьа ҷыдақәа шьақәырӷәӷәан официалла имҩаԥысыз ҳаиҭанеиааирақәа рыҟны. Урҭ реихшьалақәа рыла иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәеи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламенти Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Аҳәынҭқарратә Думеи рыбжьара  аусеицуразы  Аиқәшаҳаҭрақәа ҳаизыҟазаашьа аганқәа зегьы рырҭбааразы акрызҵазкуа ак акәны иҟалеит».

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Афедерациа Ахеилак алахәцәа, Аҳәынҭқарратә Дума адепутатцәа, Урыстәыла ажәлар зегьы  ирзеиӷьеишьеит руснагӡатәқәа рыӡбараҟны аихьӡарақәа, аҭынчра, аизҳазыӷьара.     

Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа рыхьӡала Лаша Ашәба иара убас адныҳәалара ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин ихьӡала.  Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:   

«30 шықәса раԥхьа ирыдыркылаз Урыстәылатәи Афедерациа Аконституциа ҳаамҭазтәи Урыстәылатәи Аҳәынҭқарра шьаҭас иаиуит. Иахьагьы уи атәылауаҩратә зинқәеи ахақәиҭреи ахьыԥшымреи Урыстәыла акзаареи шьақәзырӷәӷәо ихадоу Азакәанеидкыла ауп. Ари аныҳәа есқьынгьы еиднакылалааит Урыстәыла ажәларқәа, атәыла аԥеиԥш бзиазы ирымоу агәыӷра арӷәӷәалааит» – аҳәоит Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы иҟаиҵаз адныҳәаларатә цҳамҭаҟны.

 


Read 268 times - Аҩаша, 12 Ԥхынҷкәын 2023 16:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.