АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Инал Арӡынба усуратә визитла Шьамтәыла дыҟоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аҩганктәи, аԥсны-шьамтәылатәи амшхәаԥштә иаҵанакуа жәларбжьаратәи азҵаарақәа рылацәажәаразы   Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика ахь дцеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.

Аҩаша, ԥхынҷкәынмза 12 рзы,  Инал Арӡынба  Дамаск ақалақь аҿы иҟоу Идырым Асолдаҭ ибаҟа даҭааит, уаҟа уи атәыла ахақәаиҭреи ахьыԥшымреи зхы ақәызҵаз Шьамтәыла Афырхацәа ҳаҭырла игәалаиршәеит.

Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахада иара убас Шьамтәылатәи Арабтәи Ареспублика Арратә Ахьӡ-Аԥша Амузеи даҭааит. Иара агәалашәара Ашәҟәы аҿы анҵамҭа аанижьит.


Read 212 times - Аҩаша, 12 Ԥхынҷкәын 2023 16:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.