Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 30 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза 12, 1993 шықәсазы иаԥҵан Аԥсны афинансқәа Рминистрра.
Атәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Делба ареспублика афинанстә усбарқәа русзуҩцәа аиубилеитә рыцхә рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:
«Ԥхынҷкәынмза 12, 1993 шықәсазы ҳтәыла аибашьрашьҭахьтәи аҭоурых аҿы акыр зҵазкуа ахҭыс ҟалеит. Усҟан, 30 шықәса раԥхьа, Аԥсны Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба Ареспублика Аԥсны афинансқәа Рминистрра аԥҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа атәыла афинанстә усбарҭақәа атәыла хадара злоу аекономикатә зҵаарақәа рыӡбараҿы узықәгәыӷуа усбарҭаны иҟалеит. Атәыла афинанстә усхкы аҿы аус зуа рзанааҭтә дырра аҩаӡара ҳараки ҭакԥхықәрала русура азнеиреи ирыбзоураны абиуџьеттә система ҭышәынтәаланы аус ауеит, атәылауаа рсоциалтә хьчареи атәыла аҿиареи алыршахоит.
Афинанстә усхкы аҿы аус зуа зегьы рџьабааи рнапы злаку аус ҭакԥхықәрала азнеиреи рзы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Шара шгәацԥыҳәара ҳтәыла иҟоу ауадаҩрақәа зегьы ириааины аҿиара иацхраауеит».
Владимир Делба ареспублика ихадоу афинанстә усбарҭа аԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз хазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
«Афинанстә маҵзура аветеранцәа ҳтәыла ԥхьаҟатәи аихьӡарақәа рзы иӷәӷәоу ашьаҭа шьақәдыргылеит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Аминистр ас еиԥш имариам, аҭакԥхықәра ду зцу азанааҭ алызхыз иколлегацәа хра злоу русуразы иҭабуп ҳәа реиҳәеит, ирзеиӷьаишьеит агәабзиара, агәамч, аизҳазыӷьареи рнапы злаку аус аҿы аманшәалареи. Прочитано 112 раз. Последнее изменение 12.12.2023.
Источник: https://www.apsnypress.info/ru/home/novosti/item/8892-vladimir-delba-pozdravil-rabotnikov-finansovykh-organov-respubliki-abkhaziya-s-yubileem.
© АПСНЫПРЕСС.