АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

ААУ аҿы Виктор Маланӡиа ихьӡ зху астипендиа аԥҵахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпрсс. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы абиологиатә наукақәа ркандидат, ААУ актәи апроректор Виктор Маланӡиа (10.12.1958 – 18.10.2022 шш.)   ихьӡ зху астипендиа аԥҵахоит.

Виктор Маланӡиа ихьӡ ахҵахоит иара убас ААУ абиологиа-географиатә университет аԥсабара амузеи.

Иара убас, аҵарауаҩ ихьӡ анаӡаӡатәра хықәкыс иҟаҵаны аԥстәқәа рморфологиеи аекологиеи ркафедраҿы иазԥхьагәаҭоуп Виктор Маланӡиа иусумҭақәа еидкыланы рҭыжьра.

Ԥхынҷкәын 26 рзы абиологиа-географиатә факультет аҿы имҩаԥгахоит итрадициатәхо астудентцәеи арҵаҩы-профессортә еилазаареи рыҭҵаарадырра-практикатә конференциа – Маланӡиатәи аԥхьарақәа, ҳәа иаанацҳауеит ААУ аинформациеи амедиакоммуникациақәеи рыҟәша.

Виктор Маланӡиа иԥсы ҭазҭгьы, ԥхынҷкәынмза  10 рзы ихыҵуан  65 шықәса. Уи акыраамҭа ихьуаз ачымазаара бааԥсы иахҟьаны ҵыԥх жьҭаарамзазы  иԥсҭазаара далҵит.

Виктор Илиа-иԥа анаукаҿы имыӡуа ишьҭа аанижьит –  имаҷымкәа афундаменталтә наукатә усумҭақәа реиԥш иуацәеи изааигәаз ауааи, иҩызцәа, аус ицызуаз, астудентцәа, уҳәа ргәаҿы илашоу агәалашәарақәагьы.

Виктор Илиа-иԥа Маланӡиа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет абиологиа-географиатә факультет доушьҭымҭоуп.

1983-1985 шш. – Тамшьтәи абжьаратәи ашкол аҿы абиологиеи ахимиеи рырҵаҩыс аус иуан.

1985-1988 шш. – Киевтәи аҳәынҭқарратә Университет аспирантура аҿы аҵара иҵон.

1991 ш.  Украинатәи Асоветтә Социалисттә Республика Анаукақәа Ракадемиа азоологиа Аинститут Аҷыдалкаатә Хеилак аҿы абиологиатә наукақәа ркандидат ҳәа анаукатә ҩаӡара аиура азы «Аԥсны орнитофаунеи уи ахьчареи» атема ала адиссертациа ихьчеит.  

1989 шықәса инаркны 2001 шықәсанӡа Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы еиуеиԥшым амаҵуратә ҭыԥқәа рҿы аус иуан: анаукатә усзуҩ еиҵбы, арҵаҩы, аботаникеи азоологиеи ркафедра адоцент иасистент иҟынтәи абилогиа-географиатә факультет адекан иҟынӡа.

2002 шықәса рзы аҵаратә усура азы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор ихаҭыԥуаҩыс аус иуан, анаҩс аректор актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵан.  

Виктор Маланӡиа - Абиологиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, ауаҩи аԥстәқәеи рекологиатә шәарҭадараз Жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә Академиа алахәыла-корреспондент, Циолковски ихьӡ зху Урыстәылатәи акосмонавтика Академиа алахәыла-корреспондент, Урыстәыла аҭҵаарадырратә академиаҟны иаԥҵоу аԥсаатәҭҵааҩцәа рхеилак алахәыла, Урыстәыла аԥсаатәқәа рыхьчаразы Ахеилак алахәыла. Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны аус иуан 1989 шықәса раахыс.

Маланӡиа иԥсҭазаара далҵит 2022 шықәса жьҭаарамзазы.

 

 

 

 


Read 219 times - Аҩаша, 12 Ԥхынҷкәын 2023 15:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.