АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥснытәи аспортсменцәа тхеквондо МФТ азы Урыстәылазегьтәи атурнир «Московский вызов» аҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа ааныркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Актәи аҭыԥқәа ҩбеи аҩбатәи аҭыԥқәа хԥеи ааныркылеит аԥснытәи аспортсменцәа тхеквондо МФТ азы Урыстәылазегьтәи атурнир «Московский вызов» аҿы, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы аофициалтә саит.  

Аркади Саркисиани Давид Кочкониани актәи аҭыԥқәа ааныркылеит.  Даниил Минасиан,  Давид Кочкониан, Аркади Саркисиан араӡны медалқәа роуит.  

Аспортсменцәа азыҟарҵоит Ныгәзар  Торчинааи Аԥсны тхеквондо Афедерациа апрезидент Оҭар Гогәуеи.

Атурнир мҩаԥысуан ԥхынҷкәынмза 10 рзы Москва ақалақь аҿы. Уи рхы аладырхәит  Урыстәыла, Аԥсны, Ермантәыла, Белоруссиа, Ҟазахсҭан рҟынтәи аспортсменцәа.

 


Read 168 times - Ахаша, 13 Ԥхынҷкәын 2023 03:04
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.