АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2023

Агимнастка ҿарацәа Шәачантәи иааргеит 22 медал.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Асахьаркыратә гимнастика азы Аҟәа ақалақь акоманда Шәача ақалақь аҿы имҩаԥысыз аиҩызаратә иаарту атурнир «Один спорт – одна мечта» рхы аладырхәит.  

Аицлабрақәа рхы аладырхәит ақалақьқәа Шәача, Санкт-Петербург, Ростов-на-Дону, Георгиевк, Аҟәа рҟынтәи аспортсменцәа.  

Аҟатәи акоманда иалахәу азеиԥш баҩарҵәыратә зыҟаҵара апрограмма ала иқәгылон, иара убас раԥхьаӡа акәны хазхаҭалатәи (аиндивидуалтә) программа ала иқәгылон. Дара ироуит ахьтәы медалқәа 10, араӡны медалқәа 8, аџьазтә медалқәа 4, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аҵарадырра Аусбарҭа. 

 

 


Read 120 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 02:48
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.