АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Ԥхынҷкәын.2023

Арра ирго Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада ашҭа аҿы аҭоуба шьҭарҵеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арра ирго Аԥсны Арбџьармчқәа рыштаб Хада ашҭа аҿы аҭоуба шьҭарҵеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзуа.

Традициала ишьышьақәгылахьоу еиԥш, аҭоуба ашьҭаҵара ацеремониа рхы аладырхәит заԥхьаҟа Зыԥсадгьыл ахьчаразы игыло арԥарцәа рыуацәеи рҭынхацәеи рҭаацәеи.  

Аруаа ирыдныҳәалеит, ирықәныҳәеит атәылахьчара Аминистрра анапхгараҭара ахаҭарнакцәа.   

Атәылахьчара Аминистрра аҽазыҟаҵаратә центр аҿы заԥхьаҟа Зыԥсадгьыл ахьчаразы игыло аибашьҩы қәыԥш икурс иахысит. Уи иалагалоуп ацәаҳәақәгыларатә, абаҩарҵәыратә, ахысратә ҽазыҟаҵарақәа, иара убас арратә ԥҟаԥҵәа ахысра.

Аҭоуба ашьҭаҵара ашьҭахь аруаа анаҩстәи рырратә уалԥшьа анагӡаразы доусы иахьаҵанакуа атәылахьчара Аминистрра архәҭақәеи арратә ҟәшеиҵақәеи рахь идәықәҵан. 

 

 


Read 168 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 02:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.