
pressadmin-2
Шықәсыбжак рыла 400-ҩык инарзынаԥшуа аҳәаахьчаратә режим еилазгаз раанкылара алыршан.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса актәи азыбжазы Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭаразы афедералтә Маҵзура Аҳәаахьчаратә Усбарҭеи рыла 400-ҩык инарзынаԥшуа аҳәаахьчаратә режим еилазгаз раанкылара алыршахеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура апресс-маҵзура.
Аԥсны административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 190 «Аҳәаахьчаратә зона аҿы аҳәаахьчаратә режим аилагара»; ахәҭаҷ 1901 «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә ҳәаа арежим аилагара"; ахәҭаҷ 1902 «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи амшынтә ҵакырақәеи атерриториалтә мшыни рзы аҳәаахьчаратә режим аилагара»; рзы иаанкылоу атәылауаа административтә хьырхәра иақәыршәоуп.
Аихамҩатә еимадара еиҭашьақәыргылоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» Гагра араион аҿы ааигәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа зегьы рықәгара мҩаԥнагеит.
Иҟаз амшцәгьа иахҟьаны ааха роуит аихамҩа аучасткақәа жәпакы. Уи азы аихамҩатә еимадара аамҭала иаанкылахеит.
Аԥсны атәылахьчара Аминистрра амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа рахь аҳәара ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа аусура иазкны адырраҭарақәа рыҟаҵараан агәҭакиашареи аҳаҭырқәҵареи аадырԥшларц.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра апресс-маҵзура амассатә информациа ахархәагақәа рхаҭарнакцәа, аблогерцәеи ауаажәларратә журналистцәеи рахь аҳәара ҟанаҵоит ахылаԥшырҭа аусура иазкны адырраҭарақәа рыҟаҵараан агәҭакиашареи аҳаҭырқәҵареи аадырԥшларц.
«Ҵыбыргуп, иахьа Аԥсны акәша-мыкәша, иара адунеи зегьы аҿы ишьақәгыланы иҟоу ауаажәларра-политикатә ҭагылазаашьа аҿы ҳара зегьы даара агәҽанызаареи аобиективреи хымԥада иааҳарԥшлароуп. Иахьа Аԥсны иазку иарбанызаалак аинформациа атәыла аҿагылаҩцәа рганахьала ҳреспублика азы хра злам ахархәара аиур алшоит.
Женева ақалақь аҿы имҩыԥысит Аахыҵ Кавказ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәы 11-12, 2023 шықәсазы имҩаԥысит Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 58-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны Аҳәынҭқарра, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәылатәи Афедерациа, ЕАА рхаҭарнакцәа, ЕЕи ЕАРи, ОБСЕи рыцхантәаҩлара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Иракли Ҭыжәба зхадараҿы дыҟаз аԥснытәи аделегациа иалахәын: Аԥсны АШәМ ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩ Заал Хәарцкьиа, Аԥсны ААР аусзуҩцәа Лаша Аҩӡба, Артур Гагәылиа.
Москва Анапхгара Камантәи аберҭыԥ азы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны аԥара азоунажьит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Москва Анапхгара Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ азы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны аԥара азоунажьит.
Ацқьа Иоанн Ахьҿы ихьӡ зху Камантәи аберҭыԥ азы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны аԥара азоужьра азы асертификат аберҭыԥ аиҳабы, аигумен Игнати (Киут) ииҭеит Москва ақалақь жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатәи аимадарақәа рзы Адепартамент анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ – аконтрактә маҵзура анапхгаҩы Игорь Ткач.
«Ҳара Аԥсны Аиашахаҵаратә ныхабаақәа рзы ауахәаматә маҭәахәқәа раахәара иазкны Москва Анапхгара аминистр Сергеи Евгени-иԥа Чериомин инапы зҵаиҩыз асертификат еиқәҳаршәеит. Хара имгакәа уи шәара шныхабаа ахь иааргараны иҟоуп», - ҳәа иҳәеит Игорь Ткач.
«Акурорт Пицунда» аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ааха зауз аномерқәа реиҭашьақәыргылара мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба ааигәа иҟаз амшцәгьақәа рыхҟьаԥҟьақәа Апансионатқәа Реидгыла «Акурорт Пицунда» аҿы рықәгара азҵаарақәа рыла аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.
«Акурорт амаҵзурақәа ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит, аномерқәа реиҭашьақәыргылареи аплиажқәа реилыргареи мҩаԥыргоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.
Афымцалашарала аиқәыршәарагьы еиҭашьақәыргылоуп.
Уажәы апансионатқәа Реидгыла «Акурорт Пицунда» аҿы инхоит 2228-ҩык.
Аҳҭнықалақь ҭыԥқәак рҿы, иара убас Аҟәа араион ҩ-қыҭак рҿы ӡыла аиқәаршәара макьаназы еиҭашьақәыргылаӡам.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Кьалашәыр аӡиас иахьаҵанакуа иҟоу аӡхагаларатә станциа №3 аӡымҩангагатә шәыра ааигәа Аҟәа ақалақь аҿы иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны ааха аиуит. Абри атәы аанацҳауеит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.
«Аӡы хыҵны аҟәара иқәлеит, уи аҟынӡа анаӡара уадаҩхеит. Иацтәи амш зегьы иалагӡаны алшара шааҟалалазҵәҟьа аусура алагаразы аӡиас аӡы аҩаӡара амониторинг мҩаԥаагон. Аӡхыҵра иахҟьаны аӡымҩангагатә шәыра аҟынӡа анаӡара уадаҩхеит», - ҳәа иҳәеит Амуниципалтә Унитартә Наплакы «Аӡыканал» адиректор Даур Паҷкориа.
Аԥсни Урыстәылеи ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу аилибакаара азы аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарыҩраны иҟоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аомбудсмен Анас Кьышьмариа Урыстәыла аомбудсмен Татиана Маскалькова лааԥхьарала Москваҟа дцеит.
Ԥхынгәымза 13 азы аҩ-тәылак рзинхьчаратә институтқәа рыбжьара аганқәа реилибакаара азы аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азԥхьагәаҭоуп. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азинмчы змоу Иаппарат апресс-маҵзура.
Санкт-Петербург ақалақь аҿы имҩаԥысит Афорум «Иҿҳәарадоу аамҭаԥҵәа».
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Урыстәылатәи жәлар рынхамҩеи аҳәынҭқарратә маҵзуреи Ракадемиа абаза ала апрезиденттә грантқәа Рфонд адгыларала Урыстәылазегьтәи ибжьаратәу азанааҭҵара иаҵанакуа аҵараиурҭақәа рҵаҩцәеи рырҵаҩцәеи, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара ахаҭарнакра ахеиалак ахантәаҩы анапхгара зылҭо Аԥснытәи ашколхәыҷқәеи арҵаҩцәеи рделегациеи рзы Санкт-Петербург ақалақь аҿы Афорум мҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсадгьыл-инфо.
Ари апроект ахықәкы хадас иамоуп аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа ашықәсқәа раан анацистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи рҟынтәи асовет ҭынч уааԥсыра ирхыргаз агеноцид атема аазырԥшуа алитература аӡыргара, иара убас иарбоу атемала иҩу атекстқәа аус рыдулара аметодика алацәажәареи иазку аусура радыԥхьалара.
«Аԥсныаҟәарахьчара» Лӡаа ақыҭан аӡышьҭрарҽеиратә усурақәеи ҩ-цҳак реиҭашьақәыргылареи мҩаԥнагоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба ааигәа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны аиҳарак ааха зауз Лӡаа ақыҭа даҭааит. Араҟа уажәы аӡышьҭрарҽеиратә усурақәеи ацҳақәа ҩба реиҭашьақәыргылареи мҩаԥысуеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит атуризм Аминистрра апресс-маҵзура.