АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынҷкәын.2023

Тоннак акамшьиа акразы 2 нызықь мааҭ шәатәхоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара тоннак акамшьиа акразы ахәԥса шьақәнарӷәӷәеит.  

Убас, тоннак акамшьиа акразы шьҭарнахыс ишәатәхоит ҩ-нызықь мааҭ, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит атәыла ақыҭанхамҩа Амнистрра аҿы.  

Аминистрцәа реилазаара ԥхынҷкәын 1 азы имҩаԥысыз аилатәараан ирыдыркылеит 2023-2024 шш. рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз аӡтәы биоресурсқәа рхархәаразы ахәԥсазы ақәҵара.

Акамшьиа акра азы ахәԥа ақәҵара акәша-мыкәша аимак-аиҿак ахылҿиааит. Афинансқәа Рминистрра абиоресурсқәа рхархаразы ашәатәқәа 3500 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхразы ажәалагала ҟанаҵоит. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, 2005-2006 шш. рзы аԥсыӡкраамҭа инаркны тоннак акамшьиа акра азы ахәԥса хынтә иазҳаит. Иҳаҩсыз ашықәс азы тоннак акамшьиа азы ахәԥса 1800 мааҭ рҟынӡа инаӡозҭгьы, сынтәа уи 2000 мааҭ, даҽакала иуҳәозар  11% рыла ашьҭыхра азы ажәалагала ҟаҳҵоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Усҟан акамшьиа акразы ахәԥса шьақәыргылаӡамызт.

Егьырҭ аӡытә-биоресурсқәа рыхәԥса аганахьала акәзар, изеиԥшразаалак аиқәшаҳаҭымхара ҳәа акгьы ыҟаӡамызт.

Ақәҵара инақәыршәаны, 2023 – 2024шш. тоннак рҟынӡа инаӡо аӡытә-биоресурсқәа рхархәаразы ахәԥса наӡоит:

Акамшьиа –тоннак азы 2000 нызықь мааҭ;

Агәыҵаԥшь – 20 нызықь мааҭ;

аҷарқал – 9 нызқьи 520 мааҭи;

аԥсардаҳанқәа (акилька) - 1 050 мааҭ;

аҵыхәшәыгә - 16 нызықь мааҭ;

ашәиаҟ – 80 нызықь мааҭ;

егьыҭ аԥсыӡ хкқәа (аидыԥсала, амшынла, аскат, (амшынбгахәыҷы, амшынцгәы), аганвых, атах, аскарпена, адаӷьԥсыӡ, алуфар, агәырԥсыӡ, асмарида, аԥсардаҳан, аҭкәицар, амыдаӷьқәа, аҿаԥран,  аԥслымӡԥсыӡ уҳәа убас егьырҭгьы) – тоннак азы - 20 нызықь мааҭ.     

 


Read 118 times - Ахаша, 13 Ԥхынҷкәын 2023 01:42
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.