АЖӘАБЖЬҚӘА

11.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи ркоманда Шәача ақалақь имҩаԥысуа анапылампылтә турнир ахы аланархәуеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 11 рзы Шәача ақалақь аҿы иалагеит Урыстәылатәи Афедерациа ашәарҭадара аусбарҭақәа русзуҩ Имш иазку анапылампыл азы атурнир.  

Атурнир аартра иазку ацеремониа ахь ҳаҭыр зқәу асасцәа раҳасабала ааԥхьара роуит Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура аиҳабы Дмитри Дбари аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр, амилициа аинрал-маиор Роберт Киути, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарратә хьчара Амаҵзура апресс-маҵзура.  

Атурнир рхы аладырхәраны иҟоуп жәаба инареиҳаны акомандақәа, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрреи Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзуреи ркоманда, Афедералтә Шәарҭадара Амаҵзура, Афедералтә Хьчара Амаҵзура, иара убас Шәача ақалақь амчратә хылаԥшырҭақәа ркомандақәа.

Атурнир асасцәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп – Шәача ақалақь ахада Алеқсеи Копаигородски, Аилазаара «Динамо» Шәача ақалақьтәи аиҿкаара ахантәаҩы Сергеи Огурцов, ақалақь амчратә хылаԥшырҭақәа рнапхгаҩцәа.


Read 98 times - Ахаша, 13 Ԥхынҷкәын 2023 01:10
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.