
pressadmin-2
Аслан Бжьаниа Гагра араион Ахадараҿы аоперативтә еилатәара мҩаԥигоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 10, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ԥхынгәымза 8 ауха инаркны ԥхынгәымза – 9-нӡа иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны Гагра араион Администрациаҟны аилацәажәара мҩаԥигоит.
Араион Ахада Иури Хагәышь Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара инамаданы аусурақәа шцо азы. Иури Хагәышь излаиҳәо ала, Гагра араион иҟалаз ақәаршҩы иахҟьаны ԥхынгәымза 9 рзы еилкаахеит аԥхасҭа ӷәӷәа шроуыз ақыҭақәа хԥа: Ԥсахара, Лӡаа, Алаҳаӡы, Бзыԥҭа ҳаблак, Гагра ақалақь ахәҭақәак.
Инықәырԥшны еилкаахеит, Лӡаа ақыҭан аԥхасҭа шроуыз 300-ҩны инарзынаԥшуа, иара убас ацҳақәа ҩба. Алаҳаӡы 250 ҩны аӡы ҩналеит, Ԥсахара ақыҭан - 200 ҩны. Бзыԥҭа аҳаблан аԥхасҭа ӷәӷәа роуит Аҭыӡҭа аҳабла маҷ аҟны 100 нхарҭа ҩны, Гагра ақалақь аҟны 200-ҩны рҟынӡа. Араион аҟны амшцәгьа иахҟьаны иара убас аԥхасҭа роуит асоциалтә инфраструктура аусбарҭақәа.
Аҟәа ақалақь адәқьан «Аҵыбра» аҿы афермертә шәқәа ргьамабара мҩаԥысит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 6 рзы Аҟәа ақалақь адәқьан «Аҵыбра» аҿы афермертә шәқәа ргьамабара мҩаԥысит. Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офиси инарыгӡо апроект «Аҩнытә ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьраҿы аҳәса ацхыраара рыҭара» алахәылацәа раалыҵ адгалара мҩаԥыргеит.
«Ари аусмҩаԥгатә ахшхарҵә аалыҵ аҭыжьра маҷ знапы алаку аҭыԥантәи аҳәса-афермерцәа рзы хра злоу плошьадканы иҟалоит. Ихадоу ҷыдараны иҟалеит араҟа зыдгалара мҩаԥгоу ашәқәа рыхкырацәара. Урҭ иреиуоуп сулугун ҳәа изышьҭоу ашәеилаҵа, халлуми, скаморца, монтерреи Џьек, чеддер, виндзор, камблиу, фета, брынза, уҳәа убас ирацәаны. Урҭ зегьы рхатәы, акы еиԥшым, даҽа хкы иаламҩашьо агьама рымоуп», - ҳәа адырра ҟаҵоуп Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара-Аҳәса реиҿкаареи Еидгылоу амилаҭқәа Реиҿкаара иатәу Афатәи ақыҭанхамҩатә аалыҵи рзы аиҿкаареи рыпроекттә офис апост-релиз аҿы.
Валентина Матвиенко Лаша Ашәба жәларбжьаратәи апарламентаризм Амш идылныҳәалеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилак Ахантәаҩы Валентина Матвиенко Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Жәларбжьаратәи апарламентаризм Амш идылныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу Лаша Ныгәзар-иԥа! Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә Еизара Афедерациа Ахеилаки хаҭала сара сыхьӡалеи Жәларбжьаратәи апарламентаризм Амш шәыдысныҳәалоит.
Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа ала иаԥҵоу ари аныҳәа, апарламенттә дипломатиа ақәратә роли атәылақәеи ажәларқәеи рыбжьара аҭынчреи аилибакаареи рырӷәӷәара иазку аусура аҿы азакәанԥҵаҩцәа рылшарақәа рконсолидациеи символра азнауеит.
Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы аԥснытәи ԥшь-ҭаацәарак “Абзиабареи гәык ала аҟазаареи рзы” амедалқәа ранашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы ахәаша, ԥхынгәымза 7 рзы аҭаацәареи абзиабареи гәык ала аҟазаареи Рымш азгәаҭара инамаданы, аԥснытәи ԥшь-ҭаацәарак “Абзиабареи гәык ала аҟазаареи рзы” амедалқәа ранашьахеит. Убас агәаларшәагатә ҳамҭақәа ранашьахеит: Константини Иринеи Думаа, Геворки Варсеники Гаранианаа, Константини Наталиеи Еидис, иара убас Виталии Хаҭунеи Смыр.
Аныҳәатә усмҩаԥгатә аартуа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов, Аҭаацәа Рымш – ари даара аԥхарра зҵоу ныҳәоуп, уи 25 шықәса иреиҵамкәа еицынхо аҭаацәа ирызкуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ари аныҳәа араҟа, Аԥсны даара аҵак ду амоуп, избан акәзар шәтәыла аҿы аизыҟазаашьатә хәдуқәа реиқәырхареи аҭаацәаратә традициақәеи аҵасқәеи ес еиҵагыло абиԥарақәа рызнагареи иашьҭоуп. Уи даара акыр аҵанакуеит. Есышықәса ҳара ԥшь-ҭаацәарк алаҳкаауеит. Сара агәра ганы сыҟоуп аринахысгьы ари зеиӷьаҟам атрадициа шьахә шацҵахо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аганахьала ахараԥсақәа раҳасабала абиуџьет иалагалоу ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2,7 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳазылхратә закәанԥҵара аилагара аԥхьырҟәҟәаара иазку аусура амҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аҳазылхратә усбарҭақәа 2023 шықәса актәи азыбжазы 127 административтә зинеилагарақәа аадырԥшит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
Ахараԥсақәа раҳасабала ареспублика абиуџьет иалагалаз ашәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 2 млн 708 нызқьи 977 мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә ҳәаа изакәанымкәа иахыгаз амхра мҩаԥган:
Аҭаҭын аалыҵқәа– 342 888 цыра;
Иџьбароу арыжәтә хкқәа – 473 ԥатлыка;
Афымцатә сигареҭқәа – 670 цыра;
Акалиан азы аҭаҭын – 305 еилаҳәара;
Қырҭтәыла иҭыжьу аминералтә игазырку аӡы – 206 ԥатлыка;
Амаининг азы аиқәыршәагақәа – 12 цыра, аԥштәылатә металл – 454 кьыла;
Араса – 458 кьыла.
«Ишиашоу ала аҳазылхратә ԥҟарақәа реилагара аобиектқәаны иҟаоуп абарҭ атауарқәа:
Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳазылхратә закәанԥҵара аилагарала Аԥсныҟа иаагоу, насгьы Аԥсны иахьаҵанакуа ахархәара змоу афатә аалыҵқәа, иҿахҵәоу ашәҭқәа, абасратә аалыҵ, апарфиумертәии акосметикатәи аалыҵ, асувениртә аалыҵ, еиуеиԥшым ааглыхратә аалыҵқәа, аиувелиртә лыхқәа, амаининг азы аԥсахга маҭәахәқәеи ахәҭақәеи, апортативтә фымцастанциа акомплект, еиуеиԥшым азкызаара змоу атранспорттә хархәагақәа», - ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы апресс-маҵзура.
Аҟәа ақалақь апрокуратура ԥхынгәымза 1, 2023 шықәсазы амшын аҟәара аҿы ирыԥшааз ауаҩы иԥсыбаҩ ахаҭара шьақәнаргылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Апрокуратура ԥхынгәымза 1 азы Алашарбага аҳаблахь аихаҵәирҭа азааигәара ақалақьтә плиаж аҿы ахаҵа иԥсыбаҩ аԥшаара инамаданы апроцессуалтә гәаҭара амҩаԥгараан уи ихаҭара шьақәнаргылеит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Аԥсны Апрокуратура Хада аофициалтә саит аҟны.
Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса рзы, зыԥсыбаҩ ԥшааз ахаҵа иуацәа алархәны имҩаԥгаз аилкаарала ихаҭара шьақәыргылахеит. Уи Аҟәа араион Ешыра ақыҭан инхоз, 1946 шықәсазы ииз Даваџьиан Арам Леон-иԥа иоуп, иара абҵарамза 27, 2022 шықәсазы хабарда дыбжьаӡит.
Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Чериомин диԥылеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 07, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Москва Аиҳабыра Аминистр, Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәа рдепартамент анапхгаҩы Сергеи Чериомин диԥылеит.
Ԥхынгәымза 6 инаркны 9-нӡа Сергеи Чериомин напхгара зиҭо Москва Аиҳабыра аделегациа усуратә визитла Аԥсны иҟоуп.
Асасцәа аԥсшәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада Аҟәеи Москвеи еиуеиԤшым аусхкқәа рыла реимадара азҿлымҳара шамоу атәы иҳәеит.
«Ҳаиԥылара даара сеигәырӷьоит, Сергеи Евгени-иԥа. Сара раԥхьаӡакәны Москватәи Аиҳабыра аделегациа сыдыскылоит, шәаара ҳаҭыр сзақәуп. Москва ҳара ҷыдала ҳазыҟоуп. Сара лымкаала агәахәара снаҭоит уажәы ҳтәыла аҳҭнықалақь аганахь ала аизыҟазаашьақәа рышьақәгылара иахьалаго»,- ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.
Москва ақалақь адәныҟаекономикатәи жәларбжьаратәи аимадарақәеи рдепартамент анапхгаҩы Аԥсны Ахада иҭабуп ҳәа еиҳәеит Аҟәа ақалақь амш азгәаҭара аҽалархәразы ааԥхьара ахьриҭаз азы. «Иахьа Аԥсны иҟоуп Москва Аиҳабыра аделегациа ду. Арҭ Аиҳабыра еиуеиԥшым адепартаментқәа ирхаҭарнакцәоу исколлегацәақәаны ҳәа мацара акәӡам. Ҳара дҳацааит Москва ахәаахәҭра - ааглыхратә палата ахада, избан акәзар ҳнаплакыҩцәа рыбжьара активла аизыҟазаашьақәа рырҿиара ҳгәы иҭоуп»,- ҳәа иҳәеит Сергеи Чериомин.
Уи иазгәеиҭеит Москва атуризм аусхк аҟны аинвестицақәа ралыршара ишазхәыцуа, избанзар, иара иажәақәа рыла, ртәылауаа рзы Аԥсны атуризм азы еиҳа бзиа ирбо ахырхарҭақәа ируакуп.
«Сара уи азы агәра згеит, ара шәыԥшаҳәа ԥшӡа аҟны иныҟәо ауаа рацәа сахьрылаԥшыз. Асасааирҭақәа рҟны, шамахамзар, аҭыԥқәа рыԥшаара залшом. Иахьа иазгәаҭоуп еицырдыруа урыстәылатәи артистцәа рконцерт, иара убас ара иаараны иҟоуп атруппа ду.
Иаартны ишәасҳәоит, ҳанхарҭа ҭыԥ алхра уадаҩын, иара уи шәыдысныҳәаларгьы сҭахуп», - ҳәа иҳәеит иара.
2023 шықәса актәи азыбжа азы аҳазылхратә усбарҭақәа рыла иахыԥхьаӡалахеит 1,5 млрд. мааҭ инареиҳаны аҳазылхратә шәатәқәа.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса актәи азыбжа азы аҳазылхратә усбарҭақәа рыла иахыԥхьаӡалахеит 1,5 млрд. мааҭ инареиҳаны (115%) аҳазылхратә шәатәқәа, уи аплантә рбагақәа раасҭа 195,5 млн. мааҭ рыла еиҳауп.
Аплан акцизтә шәахтә ада, аҳазылхратә шәатәқәа рыхкқәа зегьы рыла анагӡара алыршахеит.
Структурала иахыԥхьаӡалоу аҳазылхратә шәатәқәа рымҽхак шьақәгылоуп:
— аҳазылхратә баџь – 295,5 млн. мааҭ;
— аҳазылхратә еизгара – 228,3 млн. мааҭ;
— акцизтә шәахтә – 106,5 млн. мааҭ;
— Иназыцҵоу ахәԥса ашәахтә – 873,8 млн.мааҭ;
Река ақыҭан инхо ахаҵа арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаақәа мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раарыхразы ахара идҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Арҩышьыга маҭәашьар злоу аҵиаақәа мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раарыхразы игҩароу Очамчыра араион Река ақыҭан инхо 1980 шықәасазы ииз Ҭемыр Валикәа-иԥа Кәартаа иганахьала аусеилыргара хацыркуп. Аусеилыргара мҩаԥнагоит Очамчыра амилициа араионтә ҟәша аусеилыргаратә гәыԥ.
2023 шықәса актәи ашықәсбжа азы Аԥсны анҭыҵтәи ахәаахәҭра амҽхак 21,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.
Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы 2023 шықәса актәи ашықәсбжа азы инанагӡаз аусура аихшьаалақәа ҟанаҵеит. Убас, аҳазылхратә статистикеи анализи рзы Аусбарҭа астатистикатә дыррақәа рыла, аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы аплантә рбагақәа 115% рыла инагӡахеит.
Актәи ашықәсбжа аихшьаалақәа рыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра анҭыҵтәи ахәаахәҭра амҽхак иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар 19 % рыла иазҳаит, уи 21,1 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аофициалтә саит.
Адәныҟатәи аоперациақәа рымҽхак 17,7 млрд. мааҭ рҟынӡа инаӡеит. Иҳаҩсыз ашықәс иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, ареспублика аимпорт актәи ашықәсбжа азы 19,6% рыла иазҳаит. Ахәҭакахьала, аимпорт аизҳара мҩаԥысит абарҭ аусхкқәа рҿы: амашьынақәеи аиқәыршәагақәеи амаҭәахәқәеи, зыхә дуу аметалли урҭ ирылху аалыҵқәеи, иара убас афатә аалыҵқәеи.