АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2023

Ԥхынҷкәын 5 инаркны 8 рҟынӡа Аԥсны араионқәеи ақалақьқәеи зынӡа ирылган 133 цыра амаининг шьақәгылагақәа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аекономикатә шәарҭадаеи акоррупциа аҿагылареи рзы Аусбарҭа  аузуҩцәеи Аҳәынҭстандарти, Ашәарҭадаратә маҵзуреи агәаҭарақәа анеицымҩаԥыргоз,  Очамчыра араион Кәтол ақыҭан, абнара иахьаҵанакуа ирбеит 96 акриптовалиута арҳара иазку ахархәага ахьаҿакыз амаининг-ферма. Арҭ ахархәагақәа зтәыз административтә хьырхәра иақәыршәоуп, ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аоперативтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгараан иарбоу аппаратқәа зегьы афымцацәаҳәа «Амшынеиқәафымцамч» иаҿакын, уи афымцамч ахархәара 124 кВт⋅с. инаӡоит. Аԥшәма Кекелиа Ҭемыр Гәырам-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра Административтә Зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 96, ахәҭа 2, азгәаҭа 1 инақәыршәаны административтә хараԥса иқәҵоуп. Ахархәагақәа ықәганы Аҳәынҭстандарт аҵәахырҭа ҷыдахь инаргеит.

Очамчыра араион Аҭара ақыҭан Артур Керапет-иԥа Зеитуниан идырбалеит иагьимырхит акриптоԥара арҳаразы изықәгылаз 10 аппаратк.

Аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи  аусқәа Русбарҭа амилициа 1-тәи аҟәша азинмчы змоу ацуҭа милициа аусзуҩцәа Аҟәа ақалақь, Арцах амҩаҟны инхо Ахба Денис Рамин-иԥа инхарҭаҟны ирыԥшааит 11 аппарат. Аппаратқәа аҿыхуп, Аҳәынҭстандарт иатәу иҷыдоу ашьҭаҵарҭаҿы инагоуп.

Гагра аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ауаажәларратә шәарҭадара амилициа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәа рыцны имҩаԥыргаз аоперативтә уснагӡатәқәа раан  акриптовалиута арҳара иазку ф-аппаратк рыԥшааит уажәы аус зымуа Гагра ақалақь аунивермаг ахыбраҿы.  Аԥшәма Головин Артур Виктор-иԥа ахархәагақәа имхуп.

Пицунда ақалақь аҿы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра иатәу «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәа» ала иҟалаз адыррақәа рыла, Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәеи Аҳәынҭқаратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәеи Ацитрустә совхоз аҵакыра аҿы агәаҭарақәа мҩаԥыргеит. Ахатәы нхарҭа иахьаҵанакуа игылаз ахыбра аҩныҵҟа ирыԥшааит амаининг-ферма. Афымцацәаҳәа иаҿакын акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа 10. Ишеилкаахаз ала, урҭ рыԥшәма Асҭамыр Иури-иԥа Шамба иоуп.  

Аиқәыршәагақәа зегьы аҿыхны Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Гагра араионтә ҟәша ауадақәа руак аҿы ишьҭарҵеит.

 


Read 160 times - Амҽыша, 10 Ԥхынҷкәын 2023 18:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.