АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2023

Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан ҿыц иаадыртит астадион-маҷ.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иҿыцу астадион-маҷ аартра иадҳәалоу аныҳәатә церемониа мҩаԥысит ԥхынҷкәынмза 7 рзы Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭан.  Уаанӡа ари аҭыԥ аҿы ахыбра абаҩ акәын игылаз. Иахәҭоу аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ашьҭахь адәы аҿы иԥсабаратәым ақәҵа шьҭарҵеит, арлашагақәеи аҭахкааратә каҭақәеи шьақәдыргылеит.

Аилазаара «Очамчыраргылара» адиректор Саид Адлеиба иажәақәа рыла, аконтракт инақәыршәаны, астадион-маҷ хы-шықәса ирҭагӡаны џьара еиԥҟьарак амамкәа аус аулароуп.

Ақыҭаҿы аспорттә плошьадка аҟамзаара араатәи ахәыҷқәа рзы акыр апроблемақәа цәырнагон, урҭ ахәмаррақәа рылахәхаразы ақалақь ахь ицар акәхон. Аҳәынҭқарра Ахада, атәыла Анапхгара, адепутат иҳарҭаз ахацҵгылара иабзоураны ашколхәыҷқәа шьҭарнахыс аспорттә ҽазыҟаҵарақәа рзы зеиӷьаҟам аҭагылазаашьақәа рымазаауеит.

Ашколхәыҷқәа рыдагьы ари аспорттә обиект, ашьапылампыл-маҷ азы адәы рхы иадырхәар рылшоит ақыҭауаагьы апрофессионалтә командақәагьы.

«Ҳқыҭаҿы иҟоуп х-школк. Руак аҿы мацара аҵара рҵоит 123-ҩык аҵаҩцәа. Иахьатәи амш аҟынӡа ахәыҷқәа аспорттә плошьадка рымаӡамызт. Ҳара ари адәы агәаҭарагьы ҳахьӡеит, даарагьы иаҳгәаԥхеит уи», - ҳәа иҳәеит ақыҭа ахада ихаҭыԥуаҩ, аамҭак ала абаҩарҵәыра арҵаҩыс аус зуа Баҭал Ҳашба.  

Ашьапылампыл-маҷ адәы аартра ацеремониа ашьҭахь имҩаԥысит ашьапылампылтә турнир, уи рхы аладырхәит ақыҭақәа Баслахә, Маркәыла, Акәасқьа рҟынтәи акомандақәа.

Астадион-маҷ аргылара иақәхарџьхеит 4,9 млн. мааҭ. Афинансқәа азоужьхеит ареспубликатә биуџьет аҟынтәи.  

Астадион аартра ацеремониа рхы аладырхәит Очамчыра Ахадара ахаҭарнакцәа, ақыҭа ахада Ҭемыр Гындиа, Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Демур Гогиа.

Очамчыра араион егьырҭ ақыҭақәагьы рҿы ҳаԥхьаҟа ашьапылампыл-маҷ астадионқәа рыргылара азԥхьагәаҭоуп.


Read 161 times - Ахаша, 13 Ԥхынҷкәын 2023 02:43
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.