АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2023

Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра аусзуҩцәа Донбасс ахақәиҭтәразы иҭахаз Аԥсны атәылауаҩ иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 6 рзы аҵхақәҭан Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа  рзы Аминистрра амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Шәачантәи Аҟәаҟа иааргеит Донбасс ахақәиҭразы иҭахаз,  1986 шықәсазы ииз Хариашвили Ҭемыр Амиран-иԥа иԥсыбаҩ.

Урыстәылатәи аган иҭахаз ахаҵа иԥсыбаҩ Ростовынтәи Аҟәаҟа иааргеит, уаҟа уи Аԥсны аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа ирырҭеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура. 


Read 164 times - Амҽыша, 10 Ԥхынҷкәын 2023 19:31
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.