Аҩбатәи аӡеизакырҭа аусура аларгара ақалақь ӡыла аиқәыршәара аиҭашьақәыргылара аҿы акыр зҵазкуа етапны ишыҟоугьы, Очамчыра араион Ахадара АУН «Аӡыршьҭра» аиҳабы Авдени Џьопуа уи ала аҭагылазаашьа шьаҭанкыла аиҭакра залмыршахар ҟалап ҳәа иазгәеиҭеит. «Аӡы азымхара апроблема аанхар алшоит, избан акәзар ақалақь аӡымҩангагатә цәаҳәақәа акыр иажәхьеит. Ихымԥадатәиу усуп аҳақәа рыԥсахра. Уи ашьҭахь ауп ахархәаҩцәа еиԥҟьарада аӡы роуа ианалаго», - ҳәа иҳәеит иара. Авдени Џьопуа иажәақәа рыла, аӡымҩангагатә цәаҳәақәа рсистема асовет аамҭақәа раахыс ирымԥсахӡацт. Уи иахҟьаны лассы-лассы аӡыцәцара ҟалоит. «Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоуп излауа ала хара имгакәа ақалақьтә аӡымҩангагатә цәаҳәақәа зегьы рыԥсахра, усҟан ауп ақалақь зегьы ишахәҭоу ала ӡыла аиқәыршәара анзалыршахо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Авдени Џьопуа.
Ԥхынҷкәынмза 8 инаркны аӡеизакырҭа ҿыц ахархәарахь аԥышәатә нашьҭра мҩаԥгахоит. Амҽышанӡа имҩаԥысло аиԥшьраамҭақәа раан Очамчыра ӡыда иаанхоит. Очамчыра араион Ахадара АУН «Аӡыршьҭра» аиҳабы Авдени Џьопуа ауааԥсыра иарбоу аусурақәа ирыхҟьаны аамҭалатәи ауадаҩрақәа еилкааны иазнеирц, избан акәзар ари ихадоу аетап иааизакны ақалақь ӡыла аиқәыршәара аиҭашьақыргылара иадҳәалоуп ҳәа ааԥхьара ҟаиҵеит.