АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2023

Роберт Киут идҵа инақәыршәаны ареспублика аҿы ашәарҭадара апрофилактикатә реидтә усмҩаԥгатәқәа рӷәӷәахоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Ахылаԥшырҭа Аппарат Хада аҟәшеиҵақәа рнапхгаҩцәа алархәны аусуратә еилатәара мҩаԥигеит. Иара амҩатә ԥҟарақәа еилазго рхьырхәра арӷәӷәара иазкны амассатә реидтә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара азы адҵа ҟаиҵеит. Абри азы адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Иара убас атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр идҵала ашықәсҿыцазтәи аныҳәақәа рымҩаԥгараан ашәарҭадара рӷәӷәахоит.

Аилатәара аҿы ареспублика иахьаҵанакуа изакәанымкәа акриптовалиута арҳара аҿагылара иазкны имҩаԥысуа изаамҭанытәиу аусура азы ажәахә ҟаҵан. Иарбоу ахырхарҭала аусура еиҳагьы ирџьбаратәуп, ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аминистр.

Аминистр иара убас абарҭ адҵақәа ҟаҵеит:

– амилициа аусзуҩцәа рус дырӷәӷәароуп закәаншьаҭада абџьари аџьаԥҳани аҵәахреи аныҟәгареи ирыдҳәалоу афактқәа раарԥшра азы;

– аусеилыргаратә усбарҭақәеи аӡбарҭақәеи рҟынтәи зыҽӡаны иҟоу, зыԥшаара рылаҳәоу ахаҿқәа рыҟазаара аҭыԥ аилкаареи раанкылареи иазку аоператив-ԥшааратә усура алҵшәақәа рырбагақәа ашьҭыхра;

– ауааԥсыра ргәабзиареи ауаажәларратә леишәеи иаԥырхагоу ацәгьоурақәа – анаркотикқәеи арҩышьыгатә маашьарқәеи алазырҵәо ауаа раанкылара иадҳәалоу аусура аиӷьтәра.

Аилатәара рхы аладырхәит аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр актәи ихаҭыԥуаҩ Руслан Ажьиба, аминистр ихаҭыԥуаҩцәа Беслан Ҷкадуа, Ҭенгиз Нарманиа, Елеонора Карагозиан. 

 


Read 130 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 02:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.