Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа ашьаусԥшааратә ҟәша аусзуҩцәа дааныркылеит аҳҭнықалақь аҿы инхо, 1978 шықәсазы ииз Џьумутиа Даур Раули-иԥа.
Џьумутиа Даур зыԥсҟы икыз автомашьына агәаҭараан азинхьчаҩцәа ирыԥшааит 8 патронак зцыз, ихысратәы аус еиҭазыдулоу «Макаров» итапанча. Аекспертиза алҵшәақәа рыла, атапанча еибагоит, ахысразы ихиоуп, апатронқәа ракәзар, урҭгьы еибашьыгатәуп.
Џьумутиа Даур Раули-иԥа иганахьала аҳҭнықалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа заанаҵтәи аусеилыргатә ҟәша ала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 21, ахәҭа 1 инақәыршәаны аусеилыргара хацыркуп. Џьумутиа Даур атәыла дшалымҵуа азы инапы ақьаад иаҵадырҩит.