АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2023

Аҟәа ақалақь аҿы Ашықәс Ҿыц-2024 ишаԥаԥыло.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахада Беслан Ешба ашықәсҿыцтәии қьырсатәи аныҳәақәа рҽазыҟаҵареи рымҩаԥгареи рзы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.

Аҳҭнықалақь ахада иқәҵара инақәыршәаны, Ахақәиҭра Ашҭаҿы асувенирқәа, ахәмаргақәа, ачиԥсқәа, ачарҩақәа, апиротехника, арбыжкратә компонентқәа злоу  аенергетикатә, рыжәтәқәа, ақьырсантә глинтвеин уахь иналамҵакәа арыжәтә џьбарақәа, аҭаҭынтә, мамзаргьы егьи, аникотин злоу аалыҵқәа, акалианқәа уҳәа егьырҭ аникотин ахархәара иазку ашьақәгылагақәа, иара убас амалакәырқәа, амаланыҟәақәа, ахәыҷтәы дәыӷбақәеи афымцамашьынақәеи қьырала рыҭара.

Ахәыҷқәа рзы арлахҿыхратә программақәа мҩаԥгахоит ԥхынҷкәынмза 23 – 30, асааҭ 17:00 рзы инеимда-ааимданы аҳҭнықалақь араионқәа рҿы:  Алашарбага аҳабла (абжьаратә школ №8), Адыгаа рымҩала, «Турбаза» аҳабла (абжьаратәи ашкол №14), аҳабла «Синоп»  (Аҟәатәи Афизика-техникатә Институт) (СФТИ), адепо араион, аҳабла «Кинопрокат» (Ахан), Аихамҩатә ҳабла (Ажәытә ҳабла) (Пиатачок), Аҳабла Ҿыц (апарк аҿы).

Ԥхынҷкәынмза 27, асааҭ 16:00 рзы Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы  ашкол аҵаҩцәа рымчала еиҿкаау амузыкатә театралтә қәгылара мҩаԥгахоит.  

Ԥхынҷкәынмза 22 инаркны Ахақәиҭра Ашҭаҿы аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыслоит.

Ԥхынҷкәынмза 22, асааҭ 17:00 рзы атәыла аԥсаӡ Хада аартра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә «Мышьҭабзиала» мҩаԥысуеит.

Ԥхынҷкәынмза 22, 2023 шықәса инаркны ажьырныҳәамза 7, 2024 шықәсанӡа, асааҭ  18:30 рзы аус аулоит адәахьтәи акинотеатр. Аҿари аспорти русқәа рзы Аусбарҭа ашықәсҿыцтәи афильмқәеи амультфильмқәеи аԥсышәала еиԥш урыс бызшәалагьы рырбара еиҿнакаауеит.   

Ажьырныҳәамза 1, 2024 шықәса, асааҭ 00:30 рзы Аҟәатәи ажәҩан арлашоит Ашықәс ҿыц - 2024 азгәаҭара аҳаҭыр азы аныҳәатә феиерверк. Ахақәиҭра Ашҭаҿы ашьыжьынӡа адискотека мҩаԥгахоит. 

 

 


Read 135 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 02:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.