АЖӘАБЖЬҚӘА

08.Ԥхынҷкәын.2023

Аԥсны агәычымазара ахәшәтәра иазку иҿыцу ахәшә «Фортелизин» аӡыргара мҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. «Инфаркт миакарда», «ишемически инсульт» ҳәа изышьҭоу агәычымазарақәа, рыхәшәтәра иазку ҿыц ицәырҵыз ахәшә аӡыргаразы Аԥсныҟа иааит Ростов-на Дону, Краснодар ақалақьқәа рҟынтәи аҳақьымцәа рделегациа. Аӡыргаратә усмҩаԥгатә ихы алаирхәит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба.

Аԥснытәи амедицинатә еилазаара ахәшә «Фортелизин» деилыркаара азы ажәахә ҟаҵо дықәгылеит Арегионалтә агәы-шьадатә чымазарақәа Рцентр адиректор, иреиҳаӡоу акатегориа змоу аҳақьым-акардиолог, амедицинатә наукақәа ркандидат, Ростовтәи аобласти Аладатәи Афедералтә округи акардиолог хада Алеқсеи Хрипун. 

Иарбоу ахәшә аҷыдаҟазшьақәа, ахәышәтәратә лшарақәа, уи ахархәара аԥышәа, уҳәа рыҭҵаарақәа рылҵшәақәа далацәажәеит аневрологиа, азы Ростовтәи аобласт агәабзиарахьчара Аминистрра аштатнҭыҵтәи аспециалист хада, Ростовтәи аобласт ахәышәтәырҭа иатәу Арегионалтә агәы-шьадатә чымазарақәа Рцентр зыхшыбаҩтә шьаныҟәара еиԥҟьоу ачымазцәа рзы аневрологиатә ҟәша аиҳабы Ирина Кладова. Лара, аҭҵаарақәа ишаҳнарбаз ала, иарбоу ахәшә «Фортелизин» здызкылаз аишемиатә инсульт захьыз ауаа рҟынтәи  50% рҟынӡа ианрыдыркыла инаркны 90-мшы ашьҭахь ибзиоу аиҭашьақәыргылара апроцесс аарԥшхоит ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.  (адырақәа rls.net).

«Фортелизин» адкылараан  90-тәи амш азы зыԥсҭазаара иалҵуа 10,1% рҟынӡа инаӡоит. Ахәшә «Фортелизин» ахархәара аеффективра шыҳараку шьақәырӷәӷәоуп», - ҳәа еиҭалҳәеит Ирина Кладова.

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аԥснытәи амедицина иҿыцу аппарат алагалара ишазҿлымҳау, насгьы ареспублика аҳақьымцәа урыстәылатәи амедицинатә препаратқәа ианакәызаалакгьы егьырҭ зегьы раԥхьа ишдыргылоз  азгәеиҭеит.

Аминистр Едуард Быҭәба иҳәеит: «Ҳара уажәаԥхьагьы Евразиатәи аекономикатә еидгыла аҿы еиԥш, Азиеи Африкеи ртәылақәа рҿы зыхԥша бзиоу урыстәылатәи ахәшәқәа рыла аус аауан. Ҳара ҳазҿлыҳауп «Фортелизин», избан акәзар иара, раԥхьа иргыланы, иҳараку ахаҭабзиареи мыцхәы иҳаракым ахәԥсеи рыла иалкаахоит.  Ҳара уажәы «инфаркт миакарда» ҳәа изышьҭоу агәы ачымазара бааԥсы атерапиа азы ҳхы иаҳархәо аналог ахәԥса ҩынтә рҟынӡа еиҳауп. Убри инамаданы, сара апрофилтә ҟәшақәа рахь адҵа ҟасҵеит иарбоу апрепарат ҭҵааны аԥышәатә гәаҭарақәа мҩаԥыргарц азы.  

Агәаҭарақәа рышьҭахь, ҳара «Фортелизин» ахархәарахь алагалара алыршара азы аӡбаҭа ҳадаҳклоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба. Анапынҵа анагӡара идҵоуп Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым хада инапынҵақәа назыгӡо Ерик Ҳаҭхәа. 

 

 


Read 139 times - Ашәахьа, 11 Ԥхынҷкәын 2023 00:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.