АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

Аминистрцәа реилазаара аҿы абиуџьеттә дефицит ахарҭәаара азы ахашәалахәқәа рхыҵхырҭақәа рыԥшаара иалацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, афинансқәа рминистр Владимир Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аекономика аминистр Кристина Озган, абиуџьети афинансқәеи акредиттә еиҿкаарақәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Беслан Ҳалуашь алархәны  аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Ирылацәажәеит абиуџьеттә дефицит ахарҭәаара азы ахашәалахәқәа рхыҵхырҭақәа рыԥшаара азҵаара, аусхкқәа рыла иазԥхьагәаҭоу аԥаразоужьрақәа рхышәаҵышәеи хазы игоу асатиақәеи. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра рыҭан асоциалтә усхкы аҿы аҳәынҭқарратә хыдҵақәа рфинансыркреи афымцамч ала аиқәыршәараҿы иҟоу апроблемақәеи. 

 

 


Read 400 times - Ахәаша, 08 Ԥхынҷкәын 2023 01:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.