АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

Апарламент аҿы актәи аԥхьарала Аԥсны асоциалтә маҵзура ашьаҭақәа рзы азакәан апроект рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент аҿы актәи аԥхьарала ирыдыркылеит «Ареспублика Аԥсны иахьаҵанакуа атәылауаа рсоциалтә маҵзура ашьаҭақәа рзы» азакәан апроект.

Уи аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз Апарламент асессиа аилатәара аҿы адгалара мҩаԥигеит иреиҳаӡоу азакәанԥҵаратә Усбарҭа аҿы Аҳәынҭқарра Ахада есымшатәи ихаҭарнак, аиустициа аминистр Анри Барцыц.

Уи, иарбоу азакәан апроект атәылауаа Аԥсны рсоциалтә маҵзура азинтә шьаҭақәа рышьақәырӷәӷәара, атәылауаа (аҭаацәарақәа) рзинқәа рыхьчара алыршара, амаҵзура ахаҭабзиара, аҩаӡара, анаӡара, аеффективра, ашәарҭадара, уҳәа рыҩаӡара ашьҭыхра  иазырхоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

Уажәы Аԥсны атәылауаа рсоциалтә маҵзура аганахьала аизыҟазаашьақәа рҭышәынтәалара иазку азакәан ыҟаӡам.

«Ари азакәан апроект атәылауаа рсоциалтә маҵзура азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә шьаҭақәа алнакаауеит, асоциалтә маҵзура зауа, иара убас урҭ назыгӡо рзинқәеи рҭакԥхықәақәеи шьақәнарӷәӷәоит. Азакәан апроект Ареспублика Аԥсны атәылауаа, ареспублика аҿы инхо аҳәаанырцәтәи атәылауаа, атәылауаҩра змам ахаҿқәа, иара убас реиҿкаара-зинтә форма иадҳәаламкәа аиуристтә хаҿқәагьы   ирызкуп. Азакәан апроект атәылауаа рсоциалтә маҵзура аусхкы аҿы аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәа, азинмчы змоу аусбарҭа, атәыла аминистрцәа Реилазаара азинмчқәа рышьақәырӷәӷәара азԥхьагәанаҭоит»,  – ҳәа иаҳәоит аусшәҟәы иацу аилыркаагатә шәҟәы аҿы.   

Азакәан апроект инақәыршәаны, асоциалтә маҵзура зауа ҳәа иԥхьаӡахо, зхы амаҵ аура злымшо, зыԥсҭазааратә ҭагылазаашьа уадаҩу, зхала изеиҭамҵуа, ачымазарақәа, ахәра, ақәра ду, аинвалидра, уҳәа иахҟьаны ихадоу зыԥсҭазааратә ҭаххрақәа рынагӡара зцәыуадаҩу асоциалтә маҵзуа аиура зҭаху атәылауаа роуп.

 


Read 380 times - Ахәаша, 08 Ԥхынҷкәын 2023 01:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.