АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа рыла аӡбареиҿкааразы Азакәанеидкыла аиҭакрақәа аларгалеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәи, аҵыхәтәантәи аԥхьараҿы Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа рыла аӡбареиҿкааразы Азакәанеидкыла аиҭакрақәа ралагалара азы азакәан апроект рыдыркылеит.

Аӡбаҩцәа азыӡбақәа зларыдыркыло административтә зинеилагарақәа рзы ахәҭаҷқәа рсиа иаларгалеит Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷ 1651 («Аӡыргара азы азакәанԥҵаа аилагара»).

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

«Азакәанеидкыла аиҭакрақәа ралагалара зыдҳәалоу абарҭ аҭагылазаашьақәа роуп. Административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 1651 аӡыргаҭаҩы, аӡыргаҩы, аӡыргаларҵәаҩы рыла аӡырга азы азакәанԥҵара аилагара азы ахьырхәра аҳасабала иазԥхьагәанаҭоит атәылауаа, амаҵурауаа, иара убас аиуристтә хаҿқәа рзы административтә хааԥса аршәара.     

Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа рыла аӡбареиҿкааразы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 30, ахәҭа 2 инақәыршәаны  араионтә (ақалақьтә) аӡбарҭақәа рыӡбаҩцәа Администратитә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла иалкаау ахәҭаҷқәа рыла иарбоу административтә зинеилагарақәа ирыхәаԥшуеит.   Аха иарбоу ахәҭаҷқәа рсиа аҿы  иҟаӡам ахәҭаҷ 1651.

Убри инамаданы, Административтә зинеилагарақәа рзы аусеилыргарақәа рыла аӡбареиҿкааразы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 30, ахәҭа 2  ахәҭаҷ 1651 («Аӡыргара азы азакәанԥҵаа аилагара») ала ихарҭаахоит»,– ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Дауҭ Хәытаба.


Read 353 times - Ахәаша, 08 Ԥхынҷкәын 2023 02:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.