АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынгәымза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Аԥснытәи аихамҩа» авокзалқәеи аихамҩатә платформақәеи ррыцқьареи реиҭашьақәыргылареи иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥнагоит.

Уажәы Гәдоуҭатәи авокзал ахыбра аԥсахра иазку аусурақәа мҩаԥысуеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥснытәи аихамҩақәа рыпресс-маҵзура.

«Уажәы иажәхьоу ибаахьоу ахыбра амаркацқәа рықәгара иалагахьеит. Ахыб ицинкрку ахыбтә материал ала иҟаҵахоит. Араҟа иара убас ахыбра ахаҿратә гангьы еиҭашьақәыргылахоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭара аҿы.  

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынгәымза 6 рзы Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аҿы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәбеи Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Михаил Галузини реиԥылара мҩаԥысит.  

«Аиԥылараҿы 2023 шықәса ԥхынгәымза 11-12 рзы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Женеватәи адискуссиақәа изаамҭанытәиу  58-тәи араунд амшхәаԥштә актуалра злоу азҵаарақәа рыла агәаанагарақәа еибырҳәеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан ганкахьала Қырҭтәылеи даҽа ганкахьала Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара амчра ахархәара мап ацәкра азы аиуристтә ҭакԥхықәра зырҿио аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра азҵаара. Иара убас аиҿцәажәараҿы егьырҭ, актуалра злоу азҵаарақәагьы ирылацәажәеит», - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба Мрагыларатәи Аԥсны иҟоу арратә инфраструктура аобиектқәа рҭагылазаашьа агәаҭара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәаа иаԥну Гал араион аҿы ахырӷәӷәарҭақәа рыргылара Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 5 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба азеиԥшарратә хысырҭатә дәы «Нагвалоу» аҿы атәылахьчара Аминистрра аҟәшеиҵа ҿыц азкызааратә хыдҵақәа рынагӡара ишазхиоу азы агәаҭарақәа мҩаԥигеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.

Аԥсны Арбџьармчқәа ркомандаҟаҵаҩ Хада иӡбамҭа инақәыршәаны, атәылахьчара Аминистрра иҷыдоу аҟәшеиҵақәа раԥҵареи урҭ аперспективтә абџьар хкқәа, арратәии иҷыдоуи атехникеи рыла реиқәыршәареи Арбџьармчқәа рырратә потенциал аизырҳара хықәкыс иҟаҵаны хаҭалатәи аилазаара ҳаамҭазтәи аметодқәа рхархарала разыҟаҵра азы адҵа аҭан.  

Аусмҩаԥгатә амҩаԥгараан аԥырҩыда иԥыруа аԥырратә аппаратқәа рԥышәаратә хархәара азы иҟоу адыррақәеи алшарақәеи анапхгараҭара асистемақәеи урҭ ринформациатә еиқәыршәареи, пилотда иԥыруа аԥырратә аппаратқәа рхархәарала артиллериатә хысрақәа рымҩаԥгареи уҳәа  аарԥшын.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, аҳҭнықалақь Ахадара аҿаԥхьа иҟоу апарк аҿы иҿыцу ахәыҷтәы хәмарырҭақәа ҟалоит.

Аҟәа Ахадара иатәу амуниципалтә усбарҭа «Ақалақьргыларапроект» адиректор ихаҭыԥуаҩ  Жан-Марк Данто Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо апарк иахьаҵанакуа иҿыцу ахәыҷтәы плошьадкақәа ҩба шьақәыргылахоит ҳәа адырра ҟаиҵеит.

«Араҟа иҿыцу ахәыҷтәы плошьадкақәа ҩба шьақәыргылахоит – зынӡа ихуҷу рзы, егьи – урҭ маҷк иреиҳабу рзы. Ҳара иара убас иԥсабаратәым агазон ҳарҿыцраны ҳаҟоуп. Аусурақәа ҩымчыбжь-хымчыбжь рыла рхыркәшара азԥхьагәаҭаны иҳамоуп».

Аргыларатә усурақәа рфинанстәра Аҟәа Ахадара аҟынтәи имҩаԥысуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арратә Ҳаиртә Мчқәа авиациа аԥыррақәа арратә зыҟаҵара аплан инақәыршәаны имҩаԥысуеит. Аԥыррақәа рмаршрутқәа, аԥырратә зонақәа, аԥырра аҳаракырақәа, уҳәа арратә зыҟаҵара акурс аҽаршьцыларақәа рыла иалкаауп, урҭ Аԥсны атәылахьчара Аминистрра Арратә ҳаиртә Мчрақәеи Аҳаирхыхьчаратә Мчрақәеи ркомандаҟаҵаҩы ила ишьақырӷәӷәоу аҳаиртә ҵакыра аструктура аҳәаақәа ирҭыҵӡом.  Аԥыррақәа зегьы мацара аҽазыҟаҵаратә ҟазшьа ауп иамоу.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аӡиас Парнаут аӡышьҭра арыцқьара иазку аусурақәа Гәылрыԥшь араион Агәыӡера аҳаблаҿы имҩаԥысуеит.

Араион ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҵнариа ажурналистцәа дрыҿцәажәо амшцәгьақәа раан зынхамҩақәа ааха зауз ауааԥсыра аофициалла араион Ахадара ахь иадҵаалеит ҳәа еиҭеиҳәеит. Урҭ аӡиас ашьҭра арыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгаразы аҳәара ҟарҵеит.  

«Парнаут – мыцхәы идуум ӡиасуп, аха амшцәгьақәа раан уи лассы-лассы ихыҵуеит, ааигәа-сигәа инхо ақыҭауаа азарал ду рнаҭоит. Ауааԥсыра рҟынтәи ас еиԥш аҳәара аныҟала ашьҭахь, ҳара атәыла анапхгара ахь ацхырааразы арзаҳал дәықәаҳҵеит. Иҟаҳҵаз аҳәара адгылара аиуит.  Иаразнак  аӡышьҭрарыцқьаратә усурақәа рымҩаԥгаразы ахарџьынҵа еиқәыршәан, уи иахәҭоу аекспертиза мҩаԥган, анаҩс аӡышьҭрарыцқьаратә усурақәа хацыркхеит», – ҳәа иҳәеит Беслан Ҵнариа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Ауаажәларратә Палата иҿыцу VI ааԥхьара дырԥылоит. Ауаажәларратә палата Амаӡаныҟәгаҩ Гәули Кьычба аиҧылара аартуа иазгәалҭеит Ахадеи Ауаажәларратә палата алахәцәеи реиҿцәажәара иамоу аҵакы, иара убас дырзааҭгылеит ицәырыргараны иҟоу азҵаарақәа.

Излацәажәараны иҟоу азҵаарақәа иреиуоуп: аԥсуа бызшәа аиқәырхареи арҿиареи, атәыла амчхаратә система аиҭакра, Гал араион атәылауаа рзинтә статус, асоциал-економикатә усхк аҭагылазаашьа (Егры аӡиас аҟны аҳәынҭқарратә ҳәаа азҵаара, апартаментқәа, аҳаиртә баӷәаза, аихамҩатә транзит,  Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳабжьара амшынтә еимадара).

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, еиҧыларак аҳәаақәа ирҭагӡаны Ауаажәларратә палата алахәцәа ахәԥшразы иқәдгыргылаз актуалра злоу азҵаарақәа зегьы инарҭбааны рылацәажәара залыршахаӡом. «Абарҭ азҵаарақәа рылацәажәаразы даҽа еиԥыларақәак мҩаԥаҳгар ҳалшоит», - ҳәа иҳәеит Ахада. Иара убас аҳәынҭқарра Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аԥсуа бызшәа аҿиара иадҳәалоу аконструктивтә аԥшьгарақәа рыдгылара дшазхиоу. «Иахәҭоу азакәанқәа рыдкылоуп, аха уи азхом. Сара сзы уи акрызҵазкуа зҵаароуп, абызшәа мыҿиакәа, аҳәынҭқарра зыҿиаӡом», - ҳәа иҳәеит Аслан Бжьаниа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара азы Аҳәынҭқарратә усбарҭа аспециалист хадацәеи анапхгаҩцәеи алархәны аилатәара мҩаԥигеит.

Аусбарҭа аиҳабы Гарик Сангәылиа аусбарҭа изаамҭанытәиу аусуразы адырра ҟаиҵеит.  

Аилатәара аҿы аҭоурыхтә, акультуратә, адоуҳатә ҭынха ахьчара иазкны имҩаԥгахо  аҳәынҭқарратә политика азинтә ҭышәынтәалара, иарбоу аусхкы аҿы анорматитә база аиӷьтәра, аҭынха аобиектқәа рсиа аиқәыршәара апринципқәа ралкаара, уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара аофициалтә саит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 6, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2025 шықәсазы Цандрыԥшь ақыҭан иаатуеит аԥсуа школ. Ауаажәларратә Палата аҿы абарҭ асааҭқәа рзы имҩаԥысуа аиԥылара аҿы  абри атәы иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.  Ауаажәларратә Палата алахәыла Изольда Ҳагба ахәыҷқәа аԥсуа школ ахьыҟам инамаданы аурыс школ ахь иахьныҟәо  Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсуа школ аартра залыршахома ҳәа иҟалҵаз азҵаара аҭак ҟаҵо Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит:

«Аԥсуа школ хымԥада иргылахоит. Анаҩстәи апроцесс, ахәыҷқәа аԥсуа школ ахь аҟаҵара ауп хадара злоу». 

Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь аибашьрашьҭахьтәи аамҭазы Цандрыԥшь аҳаблаҿы аԥсуа школ ыҟаӡамызт ҳәа иазгәеиҭеит.  

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.