АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

Урыстәылатәи аган Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны Қарҭи Аҟәеи, Қарҭи Цхинвали реинырра ишацҵалатәу инаҵшьны иазгәанаҭеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза  5-6 рзы Женева имҩаԥысит Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа 59-тәи рраунд. Аиҿцәажәарақәа ирылахәын Аԥсны, Қырҭтәыла, Аахыҵ Уаԥстәыла, Урыстәыла, Еиду аштатқәа рхаҭарнакцәеи Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара, Европа Ашәарҭадареи Аусеицуреи рзы Аиҿкаара, Европатәи атәылақәа Реидгыла рҟынтәи ацхантәаҩцәеи. Урыстәылатәи аделегациа напхгара аиҭон Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ  Михаил Галузин.

Урыстәылатәи Афедерациа адәныҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит аҿы иҟоу адыррақәа рыла, «Кавказнҭыҵ ашәарҭадареи аҭышәынтәалареи рзы Жәларбжьаратәи Женеватәи аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа аформат аиқәырхара аинтерес шрымоу азгәарҭеит еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы адиалог амҩаԥгаразы. Урыстәылатәи аган инаҵшьны иазгәанаҭеит Қарҭи Аҟәеи, Қарҭи Цхинвали реинырра ишацҵалатәу. Уи ахықәкы хаданы ишьоуп Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахьала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра адкылара алзыршо ашәҟәы аус адулара, иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәии аахыҵуаԥстәыла-қырҭтәылатәии аҳәаақәа рҿы аделимитациа апроцесс аусура аларгара.

Аҟәеи Цхинвали ршәарҭадара ԥхьаҟатәи арӷәӷәара хымԥада иахьаҭаху зыдҳәалоу арегион аҿы НАТО амчрақәа активла рхымҩаԥгашьеи Қырҭтәыла алианс бџьарла иахьеибынаҭои ауп», - ҳәа аҳәоит Урыстәыла адәныҟаполитикатә усбарҭа адырраҿы.

Аилацәажәарақәа рлахәылацәа ргәаанагарала, Аԥсни Қырҭтәылеи, Қырҭтәылеи Аахыҵ Уаԥстәылеи рыбжьара  аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы хҭысқәак азгәоумҭозар, иааидкыланы аҭагылазаашьа  ҭышәынтәалоуп ҳәа уҳәаратәы иҟоуп. Убри аан гәахәарыла иазгәаҭан абонентә еимадара апунктқәа – «еиԥырҟьам аимадара ацәаҳәақәа», иара убас ақырҭуа-аахыҵуаԥстәылатәи аҳәаа иахьаҵанакуа, аиланхарҭатә ҭыԥ Ергнети аҿы аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизми (МПРИ) русура.

Убри аан Гал ақалақь, аԥсуа-қырҭуатә ҳәаа аҿы аидысларақәа разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм (МПРИ) аусура иаарласны алагара иаҵоу аҵакы ахадара азгәаҭан.  

Женева агуманитартә зҵаарақәа рзы аинырра ӷәӷәала иаԥырхагоу мзызны иҟоуп атәыла аҩнуҵҟа еиҭаҵуа ахаҿқәеи ахҵәацәеи рзы есышықәса Қырҭтәыла иаланагало Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада арезолиуциа.  

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рхаҭарнакцәа рзы Ниу-Иорктәи аиҿцәажәарҭақәа рахь амҩақәа зегь анарку аамҭазы, уи инадҳәаланы дара иҟоу аҭагылазаашьа разнеишьа ианзаламцәажәо, Жәларбжьаратәи Женеватәи аилацәажәарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны хра аманы аицәажәара алзмыршо Аҟәеи Цхьынвали рганахьала адискриминациатә знеишьа аԥыхзарц азы аҽазныкгьы азҵаара ықәдыргылоит», - ҳәа иазгәаҭоуп адырраҭараҿы.

Аиҿцәажәарақәа ирылахәыз еиқәшаҳаҭны 2024 шықәса мшаԥымзазы изаамҭанытәиу араунди уи иашьҭанеиуа егьырҭ абри аформат иаҵанакуа аиԥыларақәеи шымҩаԥгахо азы аӡбамҭа рыдыркылеит.

 


Read 118 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 23:21
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.