АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

Анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ишьақәыргылоуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа аҩбатәии аҵыхәтәантәи аԥхьарала «Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы аҳәаанырцәтәи атәылауаа рзинтә ҭагылазаашьазы азы» азакәан аԥсахрақәа ралагалара азы ақәҵара рыдыркылеит.

Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит аҳәынҭқарра-зинтә политика азы апарламентә Еилакы ахантәаҩы Дауҭ Хәытаба.

Иарбоу азакәан апроект иҟоу азакәан хазы игоу анормақәа реиҿкаареи реилыркаареи, иара убас иҟоу агхақәа рыриашареи азԥхьагәанаҭоит.

«Иарбоу азакәан апроект ала азакәан ахәҭаҷ 34 ахәҭа 4 аҟны иарбоу алкааҟаҵара «анхара азакәаншьаҭа» аиҭакрақәа алагалатәуп. Азакәан ахәҭаҷ 2 аҿы иарбаӡам зҵакы науырҳәа-аауырҳәыр ауа алкааҟаҵара «анхара азакәаншьаҭа» ҳәа зҳәо аиуристтә категориа.

Азакәан иалагалатәуп «анхараз азин аиура ирмариоу аԥҟара» ҳәа аилкаара. Ари аилкаара иаҵанакуеит анхараз азин аԥыжәара знаҭо ахаҿқәа;

Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакыраҿы инхо атәымтәылауаа иарбоу аамҭакала рынхара шьақәзырӷәӷәо АА АҩАР апаспорттә ҟәшеи аҵакыратә ҟәшақәеи зыҭара мҩаԥырго адокументқәа реиқәыԥхьаӡа ашьақәыргылара;

АА АҩАР апаспорттә ҟәшеи аҵакыратә ҟәшақәеи русура армариаразы анхараз азин аҿҳәара хәышықәса аҟынтәи жәашықәса ҳәа ишьақәыргылазарц», – ҳәа иарбоуп аилыркаагатә шәҟәы аҟны.  

Адепутатцәа еицҿакны ирыдгалаз аиҭакрақәа рзы рыбжьы рҭиит. 

 

 


Read 384 times - Ахәаша, 08 Ԥхынҷкәын 2023 01:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.