Аԥснытәи аган иазгәанаҭеит ихықәкы хаданы ишшьоу Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рганахь ала амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра адкылара алзыршо ашәҟәы аус адулара, иара убасгьы аԥсны-қырҭтәылатәии аахыҵуаԥстәыла-қырҭтәылатәии ҳәаақәа рҿы аделимитациа апроцесс аусура аларгара.
Ақырҭуа лахәылацәа аҽазныкгьы ирзаамырԥшит аҭынчразтәи аԥшьгамҭақәа конструктивла рызнеишьа. Ари азҵаара аартны ишыҟац иаанхеит.
Алахәылацәа ргәаанагарала аҳәаа иаԥну араионқәа рҿы, хҭысқәак азгәоумҭозар иааидкыланы иҭышәынтәалоуп. Убри аан иазгәаҭан иаарласны аусура ишаларгатәу Гал ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аидысларақәа разыԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи рзы амеханизм аусура.
Аԥснытәи аган ажәалагала ҟанаҵеит ари амеханизм аиҭахацыркшьа аганахь ала, аха қырҭтәылатәи аган аҟынтәи адгылара амоуит.
Аҩбатәи аусутә гәыԥ аусура аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит агуманитартә зҵаарақәа рылацәажәара.
Аԥснытәи аган азхьаԥшра рнаҭеит атәыла ауааԥсыра рхы иақәиҭны рныҟәара алмыршара апроблема, Аԥсны атәылауаҩшәҟәқәа разхаҵара алыршара азҵаара.
Аиҿцәажәарақәа реихшьаалала иазгәаҭоуп 2024 шықәса мшаԥымзазы изаамҭанытәиу 60-тәи арауанди уи иашьҭанеиуа егьырҭ абри аформат иаҵанакуа аиԥыларақәеи шымҩаԥгахо.