Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Апарламент актәи аԥхьарала Ауаажәларратә Палата ашьақәгылара апринцип иадҳәалоу аиҭакрақәа Аԥсны азакәанԥҵаратә актқәак ралагаларазы ажәалагала ҟанаҵеит.
Ажәалагалақәа рыдгалара мҩаԥигеит адепутат Дмитри Маршьан.
«Ареспублика Аԥсны Ауаажәларратә Палата азы» иҟоу азакәан ахәҭаҷ 8, ахәҭа 5 инақәыршәаны, Ауаажәларратә Палата Ауаажәларратә палата 35-ҩык рыла ишьақәгылоуп. 13-ҩык ахада иалихуеит, 11-ҩык – аҭыԥантәи ахадарақәа, аҽа 11-ҩык аиустициа Аминистрра аҿы ашәҟәы иҭагалоу аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рҟынтәи.
Адепутатцәа Ауаажәларратә Палата алахәылацәа 25-шықәсатәи ақәратә ценз алагаларазы, иара убас Ауаажәларратә Палата алахәылас аҟалара алзмыршо амзызқәа рырҭбаара азы адгылара ҟарҵоит. Убас Ауаажәларратә Палата алахәылас рыҟалара алмыршазароуп аҩыжәра мыцхәы зҽадызцало, анаркотикатә маҭәашьрқәа здызкыло, атаксикоаниа, илаҽу апсихикатә чымазарақәа змоу, иара убас аполитикатә партиақәеи аидгыларақәеи ирылаху ауаа.
Амчрақәа зегьы реиҟарара апринцип ала адепуатцәа адгалара ҟарҵоит Ауаажәларратә Палата алахәылацәацәа Апарламент аҟынтәи рықәыргыларазы азин рыҭара.
Даҽа еиҭакрак инақәыршәаны, араионқәеи ақалақьқәеи рҟынтәи ахаҭарнакцәааҭыԥантәи ахаланапхгаратә усбарҭақәа иалырхлоит, убри ашьҭыхь дара ишиашоу Ауаажәларатә Палата аилазаара иалалоит.
«Ауаажәларратә Палата ашьақәгылара апринцип аиҭакра анаҩс, Апалата иамоу азинмчқәа иацҵазароуп Ауаажәларратә Палата ала ауаажәларратә еилазаареи анагӡаратәи азакәанԥҵаратәии аӡбаратәи амчрақәа рхаҭарнакца рыбжьара ауаажәларратә диалог абжьаҵаразы аплошьадкақәа рыдгалара азы азинмчы. Ауаажәларратә еилазаареи аҳәынҭқарратә мчра ахаҭарнакцәеи рыбжьара ауаажәларатә диалог рыбжьаҵара Ҳреспублика аҿы адемократиатә шьаҭа аҿиара бзиа аиуразы хра злу цхыраагӡаны иҟалоит», – ҳәа иазгәаҭоуп азакәан апроект иацу аилыркаагатә шәҟәы аҟны.