АЖӘАБЖЬҚӘА

07.Ԥхынҷкәын.2023

2023 шықәсазы 12,5 нызықь инареиҳаны аидарамҩангагатә вагоеиԥшьыра Аԥсныҟа иааит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ҳазҭоу ашықәс 11 мзы ирылагӡаны Аԥсныҟа иааит 12 526 аидарамҩангагатә вагоеиԥшьыра, иааз аидарақәа рзеиԥш капан  - 839 239 тонна рҟынӡа инаӡоит, ҳәа адырра ҟанаҵоит АУН «Аԥсны Аихамҩа» апресс-маҵзура.

Зегьы иреиҳау арбагақәа шьақәыргылан жәабранмзазы - 1641 вагон (111 819 тонна аидара).

2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы арҭ арбагақәа еиҵан  – 10 680 вагон (712 817 тонна аидара).

Арбагақәа рышьҭыхра аиҳарак изыдҳәалоу АУН «Аԥсны Аихамҩа» имҩаԥнагаз акомплекстә усурақәа роуп – аихамҩатә вокзалқәа, адкылара-дәықәҵаратә ҭыԥқеи аимадаратә ҳақәеи реиҭашьақәыргылара, иара убас иҿыцу алокомотивқәа раахәара.  

 

 

 


Read 134 times - Аԥшьаша, 07 Ԥхынҷкәын 2023 22:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.