Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 3000 пачка инареиҳаны асигареҭ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа изакәанымкәа ԥшь-машьынак рыла алагалара рҽазыршәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аладатәи аҳазалхратә Усбарҭа апресс-маҵзура.
Ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раламҭалазы изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵ Аԥснынтәи Урыстәылаҟа аиагара иадҳәалоу азинеилагарақәа рхыԥхьаӡара иазҳаит. Аҳазалхратәи аҳәаахьчаратәи агәаҭарақәа рымҩаԥгараан Адлер иҟоу Краснодартәи аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаратә Пункт аусзуҩцәа изакәанымкәа аҭаҭын аалыҵқәа, автотранспорт иҭаҵәахны уахь иналаҵаны, рыиагара иадҳәалоу афактқәа раарԥшреи рыԥхьырҟәҟәаареи иаҿуп. Убас, автомашьына CHERY Амобилтә инспекциа-гәаҭаратә Комплекс ахархәарала агәаҭараан, ҷыдала еиқәыршәаз ашьҭахьтәи абампер аҩакаа аҿы ирыԥшааит аҭаҭын аалыҵқәа. Асигареҭқәа амашьына аҩныҵҟатәи аҵҟьа иҭаҵәахын. Имаӡоу аҭыԥқәа рҟынтәи ицәырган «BUSINESS ROYALS» захьӡу 673 сигареҭҭра (13460 цыра). Егьи амашьына ВАЗ 2106 агәаҭараан аҭаҭын аалыҵ уаанӡа абылтәыҭаҭәарҭа ахьыҟаз ирыԥшааит «INSTARK», «Slim Blue» захьӡу даҽа 300 сигареҭҭра (6000 цыра). Иара убас автомашьына CHEVROLET NIVA аҿы ашьҭахьтәи апассаџьыртә тәарҭа аҵаҟеи, иара убас ҷыдала еиқәыршәаз алиук аҟынтәи ицәырыргеит иҵәахыз «BUSINESS ROYALS» захьӡу 1150 сигареҭҭра (23000 цыра). Даҽа машьынак PEUGEOT PARTNER аҟынтәи амашьына асалон арԥхага асистема ақәгарала иҟаҵаз априбортә панель иҭаҵәахны зыиагара рҽазыршәоз аҭаҭын аалыҵ ҭыргеит. Иарбоу амаӡа ҭыԥ ақәгарала аҳазалхыҩцәа ирыԥшааит 1052 сигареҭҭра (21040 цыра) рҟынӡа инаӡо «BUSINESS ROYALS» захьӡу асигареҭқәа.
«Ԥшь-машьынак рыҟны аҭыԥ маӡақәа ирҭаҵаны имҩаныргоз асигареҭҭрақәа рзеиԥш хыԥхьаӡара 3175 цыра ыҟоуп. Еиду Арабтә Емиратқәа рҟны иҟаҵоу аҭаҭын аалыҵ урыстәылатәи акцизтә маркақәеи иҷыдоу адыргақәеи рықәыргыламкәа ииаргон», – ҳәа иҳәеит Адлер иҟоу Краснодартәи аҳазалхра иатәу Ганрацәалатәи Автомашьынатә Аушьҭра-гәаҭаатә Пункт аиҳабы Алексеи Быков.
Аконтрабандатә ҭаҭын аалыҵи автомобилқәеи рымхуп, Урыстәылатәи Афедерациа административтә зинеилагарақәа рзы Азакәанеидкыла ахәҭаҷ 16.3, ахәҭаҷ 16.1 ахәҭа 2 инақәыршәаны ашьаусқәа хацыркуп.