Items filtered by date: Ахәаша, 14 Жәабран 2025
Сухум с рабочим визитом посетили мэр города Уфы Ратмир Мавлиев и первый заместитель главы Казани Денис Калинкин
Сухум. 14 февраля 2025. Апсныпресс. Сухум с однодневным рабочим визитом посетили мэр города Уфы Ратмир Мавлиев и первый заместитель главы Казани Денис Калинкин.
Жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рҽазыҟаҵара аҩаӡара ахәшьара ҳаракы арҭеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаартыз Алхратә комиссиа Хада апресс-центр аҿы иқәгылеит жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа. Урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рымҩаԥгара аиҿкаара аҩаӡара ахәшьара ҳаракы арҭеит.
Франциантәи иааз анаԥшыҩ, жәларбжьаратәи азин аганахьала азиндырҩы, Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу арегионқәа руааԥсыра рзинқәа рыхьчара знапы алаку, аполитикатә консультант, ажурналист Арно Оливие Жан Девеле иара Аԥсны аҟазаара даара деигәырӷьоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара зегьы ҭышәынтәаланы ишымҩаԥысуа, ҳара адемократиатә алххрақәа рымҩаԥысра шаабо агәра ганы сыҟоуп», - ҳәа иҳәеит иара.
Италиантәи анаԥшыҩ, апартиа «Движение пяти звезд» аҟынтәи Апарламент адепутат Сара Куниал алхратә процесс аиҿкаара аҩаӡара ҳаракуп ҳәа иазгәалҭеит. «Шәара шәтәылаҿы имҩаԥысуа адемократиатә процессқәа егьырҭ атәылақәа рзы ажәлар рыҽҳәаақәҵара аганахьала ҿырԥшыгас иҟалар алшоит. Аԥсни Итаалиеи аҭоурыхи акультуреи рнаҩс еидызкыло рацәоуп. Ҳара еилаҳкаауеит шәара ихьыԥшым, зхы иақәиҭу тәыланы аҟазааразы шәгәазыҳәара. Убри аганахьала сара ибоит шәара шәыжәларгьы убасҵәҟьа ишыҟоу», - ҳәа илҳәеит лара.
Колумбиа аҟынтәи анаԥшыҩ, Аконгресс Ахаҭарнакцәа Рпалата алахәыла Давид Алехандро Торо Рамирес Аԥсны аҭааразы иоуз ааԥхьара гәахәара дула идикылеит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Сара гәахәара дула ари асадкылара зныԥшуа атәыла ссир саҭаауеит. Ҳара ҳхықәкы хаданы иҟоу – аелекторалтә процессқәа зегьы анаԥшра аҭара», – ҳәа иҳәеит иара.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аусура иалагеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы Аԥсны имҩаԥысуеит ҽҳәараанӡатәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа.
Жәабранмза 14 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аусура иалагеит.
Аԥсны Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Маршьан апресс-центр аартра иадҳәалоу аусмҩаԥгатә иаҭааз жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа, ажурналистцәа бзаиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит: «Агәра згоит шәара алхратә процесс аҟынтәи ацәынырра бзиақәа шәоуп ҳәа. Ҳара ахцәажәара бзиақәа раиура ҳақәгәыӷуеит, аха убри аан иҳауз агхақәа, урҭ ахьцәырҵыз, иҳагхаз, уҳәа рзы ииашоу адыррақәагьы ҳамазар ҳҭахуп».
Лаша Ашәба дидикылеит урыстәылатәи аполитик Сергеи Бабурин.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба дидикылеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа жәларбжьаратәи анаԥшыҩ иаҳасабала зхы алазырхәа Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Афедералтә Еизара I, II, IV ааԥхьарақәа рдепутат, азиндырратә наукақәа рдоктор Сергеи Бабурин.
Сергеи Бабурин дидкыло, Апарламент Аиҳабы уи Аԥсны ашьақәгылареи аҿиареи аус аҿы, ҳҳәынҭқарра асуверенитети ахьыԥшымреи разхаҵара ҟалаанӡеи уи аныҟала ашьҭахьгьы иҟаз аамҭахәҭа иадҳәалаз апроцессқәа рҿы илагала ду азгәеиҭеит.
Лаша Ашәба Сергеи Бабурин, 2004 шықәсазы акризис алҵра азы имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәагьы уахь иналаҵаны, алхратә процессқәа дышрылахәыз еизаз иргәалаиршәеит.
«Агәыӷра ҳамоуп уажәы алхратә кампаниа иҭышәынтәаланы имҩаԥысып ҳәа. Ус ишыҟало агәра ҳгоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
Лаша Ашәба Сергеи Бабурин Аԥсны азы – «алегендартә хаҿуп», уи ихьӡ Владислав Григори-иԥа Арӡынбеи Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшьи егьырҭ ареспублика анапхгаҩцәеи рыхьӡ иадҳәалоуп. Иара убас Сергеи Бабурин Аԥсны анаукақәа Ракадемиа аҳәаанырцәтәи алахәылас дыҟоуп, уи аҩ-ҳәынҭқаррак рнаукатә еилазаарақәа реимадара арӷәӷәаара азы илагала ахә ашьара уадаҩуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Иаадыруеит Шәара ҷыдала Аԥсны аҳәынҭқарратә Университет шәшамадоу. Аԥсны шәара ҳаҭыр-пату шәықәырҵоит, бзиа шәырбоит. Ҳара даара гәахәарыла иҳадаҳкылоит Шәара аамҭа ԥшааны уажәы имҩаԥысуа ҳалхрақәа анаԥшыҩ иаҳасабала шәхы ахьалашәырхәуа», – ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.
Ихәҭакахьала, Сергеи Бабурин Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы иҭабуп ҳәа еиҳәеит адкылара бзиа азы, уи инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны иара игәаҿы иҷыдоу аҭыԥ шааннакыло. Аԥсны афырхаҵаратә ажәлар, аҳалалреи активреи злоу ауаа рахь имоу абзиабара аарԥшуа, иара 2025 шықәсазтәи Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа атәыла ажәлар реидгылара, реилибакаара аҭагылазаашьа аҿы имҩаԥысырц азы азеиӷьашьара ҟаиҵеит.
Валери Бганба урыстәылатәи аполитик аҳәынҭқарратә усзуҩ Сергеи Бабурин диԥылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба урыстәылатәи аполитик аҳәынҭқарратә усзуҩ Сергеи Бабурин диԥылеит.
Сергеи Бабурин 2008 шықәса раахыс Аԥсны ҳаҭыр зқәу атәылауаҩ ҳәа ахьӡ ихҵоуп. Иара убас уи шьҭа традициала Урыстәыла аҟынтәи ихьыԥшым анаԥшҩыс дҟалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәха рҿы.
Валери Бганба аполитик иҭабуп ҳәа еиҳәеит иааразы, Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа рыҿиара аганахьала хра злоу иусуразы. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Сергеи Бабурин активла ареспублика ауаажәларра-политикатә амшхәаԥштә активла далагалоуп, уи ихатә ҿырԥштәы ала, ипроффесионалреи експертизеи рыла аԥснытәии урыстәылатәи жәлар реилзаара еиҳа еиӷьны аилибакаара аганахьала акыр дацхгаауеит ҳәа иазгәеиҭеит.
Иреиҳаӡоу аӡбарҭаахь иҷыдоу аекономикатә зона “Амра” аԥыхразы Аусԥҟа ззакәанмчы цахьоу усшәҟәны азхаҵаразы азыҳәамҭа нашьҭуп.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 13, 2025 шықәса рзы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь инашьҭын ԥхынҷкәынмза 5, 2024 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵақәа назыгӡоз Бадра Гәынба иҭижьыз «Еилоу аҟазшьа змоу иҷыдоу аекономикатә зона «Амра» аҟазаара ҽҳәараанӡа аанкыларазы азы» Аусԥҟа №370 ззакәанмчы цахьоу усшәҟәны азхаҵаразы административтә зашшратә зыҳәамҭа.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа ахантәаҩы Дмитри Маршьан игәра шырго шьақәдырӷәӷәоит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа ахантәаҩы Дмитри Маршьан игәра шырго шьақәдырӷәӷәоит.
«Иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада аилазаара ԥхынҷкәынмза 29, 2021 шықәса рзы еицҿакны далырхит Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада ахантәаҩы Дмитри Зураб-иԥа Маршьан.
Аусеицура аамҭа аҩныҵҟа Дмитри Зураб-иԥа Маршьан ихы ааиԥшит аиашара иадгыло, хьаҳә-хьачара злам, Аԥсны Аҳәынҭқарра алхратә закәанԥҵара иақәныҟо анапхгаҩы иаҳасабала», – ҳәа иаҳәоит АА АКЗ алахәылацәа иҟарҵаз аҳәамҭа аҿы.
Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа идикылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа идикылеит.
Адәныҟатәи аполитикеи апарламентбжьаратәи аимадареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Заза Дриаев зхадараҿы дыҟоу Аахыҵ Уаԥстәылатәи Ареспублика Апарламент аҟынтәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа аилазаараҿы иҟоуп ааглыхра, аргылара, аимадареи аԥсабаратә ресурсқәеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Иван Сланови азакәанԥҵара, азакәанреи аҭыԥантәи ахаланапхгареи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы ихаҭыуаҩ Алан Гаглоеви.
Лаша Ашәба асасцәа дырԥыло Аԥсны адепутатцәа ркорпус гәахәарыла ирыдыркылоит Аахыҵ Уаԥстәылатәи жәларбжьаратәи анаԥшыҩцәа рделегациа раҳасабала раара ҳәа иазгәеиҭеит.
«Аахыҵ Уаԥсытәыла ахаҭарнакцәа есымша ҳелекторалтә процессқәа рхы аладырхәуеит. Уи – Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа, Жәлар Реизара-Апарламент ахь алхрақәа роуп. Ҳара аиашьаратә жәларқәа ҳауп, ҳара аимабзиаратә аизыҟазаашьақәа шабжьоуп», – ҳәа иҳәеит Лаша Ашәба.
Шәачатәи аҳазалхыҩцәа иазакәанымка акантрабандатә аҭаҭын аалыҵқәа рыиагара ԥхьдырҟәҟәааит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҳазалхратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа Аԥснынтәи иаауаз автомашьына HYUNDAI SOLARIS ааныркылеит.
Иарбоу атранспорттә хархәага амобилтә инспекциатә гәаҭара акомплекс ахархәарала агәаҭараан уи аҩныҵҟа ашәҟәы иҭагалам атауар аҟазаара шьақәдыргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит УА АҲМ Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура. Анаҩстәи агәаҭараан амашьына аҵҟьа аҩныҵҟа аидараҭыԥ аганахьала иҭаҟаҵаз аҵәахырҭаҿы иаарԥшын иԥхьакыз аҭаҭын аалыҵ – 220 ҭоԥ (4400 цыра) аԥснытәи акцизатә дыргақәа змоу асигареҭқәа.
Аԥсабарахьчаратә прокуратура Амшын Еиқәа аԥснытәи аӡымҽхак иахьаҵанакуа аԥсыӡкра арҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа 9 шьақәнаргылеит.
Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аԥсабарахьчаратә прокуратура Аԥсны аӡымҽхак иахьаҵанакуа 2024-2025шш. ҭагалан-аӡынтәи аамҭахәҭа азы аԥсыӡкратә наплакқәа рыла Аԥсны аԥсабарахьчаратә закәанԥҵара анагӡара азы планла иазԥхьагәаҭоу агәаҭара мҩаԥыргоит.
Аԥсны иҟоу аԥсыӡусдуларатә наплакқәа иахәҭоу алицензиақәа рымоуп. Урҭ рахьынтә быжьба аԥсыӡкра иалагахьеит.
Иҟоу адыррақәа рыла, иазоужьыз аквота 25 нызықь тонна акамшьиа аҟынтәи, иҟоу аинформациа ала, зынӡа иркхьеит 5 200 тонна рҟынӡа акамшьиа.