Аусшәҟәы иарбахаз апартниорра ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп:
- аҵарадырра азҵаарақәа рыла аԥышәа аимдара;
- аҭҵаарадырра-техникатәи усеицура аҿиара;
- амилаҭтәи адунеизегьтәи апроектқәа реицрылахәхара;
- аҩганк рзы аинтерес зҵоу ахырхарҭақәа рзы адыррақәа реимдара.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынԥҳаи Урыстәылатәи аҳәынҭқарратә агуманитартә ҭҵаарақәа руниверситет аректор Андреи Логинови аусеицуратә еизыҟазаашьақәа рыҿиареи аҵареи аҭҵаарадырреи рҿы еицырзеиԥшу аинтересқәа рырӷәӷәареи ргәы ишҭоу шьақәдырӷәӷәеит.