Анапхгаҩцәа ркадртә еицлабра «Аԥсны Акоманда» аҟнытә «Акультуратә коди хра злоуи» агәыԥ апроект анагӡара мҩаԥысуеит урыстәылатәи аҳәынҭқарратә ВЭБ.РФ. аҿиара акорпорациа иҟанаҵо адгыларала. Агәыԥ напхгара аиҭоит Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа.
Апроект хықәкыс иамоуп ареспбулика ақалақьқәа быжьба рзы ацифратә мҩақәҵага (шәҟәы) аԥҵара.
Апроект иазԥхьагәанаҭоит иуникалтәу атуристтә хырхарҭақәа бжь-қалақьк рыҟны: Гагра, Гәдоуҭа, Афон ҿыц, Аҟәа, Очамчыра, Тҟәарчал, Гал. Маршрутцыԥхьаӡа иазыԥҵәоуп 1,5–2 сааҭктәи шьапыла аныҟәара.
«Акыр иаԥсоу аҩызцәа, шәбара сеигәырӷьоит апроект «Аԥсны шьапыла уалс» иалахәу зегьы!
Сара сзы гәахәароуп ари апроект абас ауаа рацәа ахьалоу, сагьеигәырӷьоит абас еиԥш акрызҵазкуа ахҭыс сахьалахәу.
Зегьы ирзеиӷьасшьар сҭахуп Аԥсны, ҳара ҳатрадициақәа, ҳҵасқәеи ҳқьабызқәеи еиҳа ирҵауланы еилыркаарц. Ҳара ирацәаны аҭоурыхтә ҭыԥқәа ҳамоуп. Иара убас ишәзеиӷьасшьоит шәҭаарақәа рҟынтәи хра злоу анырра, ацәаныррақәа, аемоциақәа шәоурц, аҩызцәа ҿыцқәа шәырҳарц.
Ари апроект иӷәӷәоу аимульс анаҭааит еиҳа-еиҳа ирацәаны ауаа аднаԥхьаларазы,ҳтәыла аӡбахә излауа ала ирацәаны ираҳартә еиԥш иҟанаҵааит. Жәаҳәарада, зегьы ақәҿиарақәеи аманшәалареи ахирреи шәзеиӷьасшьоит!» –ҳәа иҳәеит Беслан Бигәаа.
Егьырҭ араионқәа рҟынтәи апроект алахәылацәа аныҳәатә усмҩаԥгатә онлаин-формат ала рҽаладырхәит, уи ашьҭахь агәыԥқәа зегьы доусы рықалақьқәа рҿы рмаршрутқәа рыла аныҟәарақәа хацдыркит.