Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа раламҭалазы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа Дмитри Зураб-иԥа Маршьан ирҭаз агәрагара ҩаԥхьа еицҿакны ашьақәырӷәӷәара хымԥадатәиуп ҳәа ирыԥхьаӡеит.
Ааԥхьара рнапы аҵарҩит Аԥсны Аҳәынҭқарра Алхратә комиссиа Хада алахәылацәа:
- Аӡынба Алхас Гарри-иԥа.
- Ашәба Адгәыр Мераб-иԥа.
- Ашәба Асҭамыр Ныгәзар-иԥа.
- Бранӡиа Алиас Лавренти-иԥа.
- Гериа Роман Шьоҭа-иԥа.
- Кәарацхьелиа Наталиа Константин-иԥҳа.
- Кәарҷиа Инна Нури-иԥҳа.
- Кәакәасқьыр Виачеслав Евгени-иԥа.
- Ԥачалиа Асҭамыр Руфеҭ-иԥа.
- Смыр Омар Сергеи-иԥа.
- Хьишба Инал Филипп-иԥа.
- Хоџьикиан Ануш Арутиун-иԥҳа.
- Шамба Лаша Леван-иԥа.
- Шаҭ-иԥа Омари Ниазбе-иԥа.
Ааԥхьара иара убас аилацәажәаратә зин рыманы иадгылеит Аҳәынҭқарра Ахадарахь акандидатцәа рҟынтәи:
- Зыхәба Иури Заури-иԥа – акандидат Гәнба Б.З. иҟынтәи;
- Кокаиа Гарри Гурам-иԥа – акандидат Арӡынба А.А. иҟынтәи;
- Папба Роланд Шьоҭа-иԥа – акандидат Аршба Р.И. иҟынтәи;
- Хонелиа Аида Селим-иԥҳа – акандидат Барцыц О.М. иҟынтәи;
- Хәырхәмал Дмитри Ахра-иԥа – акандидат Хәырхәмал А.В. иҟынтәи.