АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Жәабран.2025

Шәачатәи аҳазалхыҩцәа иазакәанымка акантрабандатә аҭаҭын аалыҵқәа рыиагара ԥхьдырҟәҟәааит.

Аҟәа. Жәабранмза 14, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Ганрацәалатәи амашьынақәа роушьҭра-гәаҭаратә Ҭыԥ «Адлер» аҳазалхратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа Аԥснынтәи иаауаз автомашьына HYUNDAI SOLARIS ааныркылеит.

Иарбоу атранспорттә хархәага амобилтә инспекциатә гәаҭара акомплекс ахархәарала агәаҭараан уи аҩныҵҟа ашәҟәы иҭагалам атауар аҟазаара шьақәдыргылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит УА АҲМ Аладатәи аҳазалхратә усбарҭа апресс-маҵзура. Анаҩстәи агәаҭараан амашьына аҵҟьа аҩныҵҟа аидараҭыԥ аганахьала иҭаҟаҵаз аҵәахырҭаҿы иаарԥшын иԥхьакыз аҭаҭын аалыҵ –  220 ҭоԥ (4400 цыра) аԥснытәи акцизатә дыргақәа змоу асигареҭқәа.

Аҭаҭын аалыҵи уи аиагаразы ахархәара змаз амашьынеи изтәыз ирымхуп. Урыстәыла Административтә зинеилагарақәа Рзакәанеидкыла ахәҭаҷқәа 16.1, ахәҭа  2, ахәҭаҷ  16.3 иазԥхьагәарҭо административтә еилагарақәа рзы аусеилыргарақәа хацыркуп.


Read 122 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.