«Агәра ганы сыҟоуп, алхратә аимак-аиҿакқәа зегьы рҿы аԥсуа жәлар ԥсабарала ирылоу аҟәышра иабзоураны рҽеидкыланы алхрақәа ишахәҭоу еиԥш азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны ишымҩаԥырго. Ҳәара аҭахума, иахьа Аԥсни Урыстәылеи раԥхьа даара акыр зҵазкуа ахыдҵақәа ықәгылоуп. Сара иара убасҵәҟьа исҭахуп Аԥсны ҽҳәараанӡа Аҳәынҭқарра Ахада ихҳәара атрадициа шьақәымгыларц. Абар шьҭа инеиԥынкыланы хҩык Аҳәынҭқарра Ахадацәа ахырҳәахьеит, шьҭа иазхоуп ҳәа сгәы иаанагоит. Шьҭа иаанкылазар ахәҭазар ҟалап ари атенденциа. Алхрақәа — ари еиуеиԥшым акандидатцәа рыла зыдгалара мҩаԥысуа альтернативақәа ауп. Сара Аԥсны иҟоу азакәанқәа, Аконституциа ирықәныҟәаларц сҭахуп, уи садгылоит, Иҭабуп аамҭа ԥшааны сахьшәыдышәкылаз», – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит Сергеи Бабурин.
Лаша Ашәба ихәҭакахьала ари алхратә кампаниа иҭынчны, иҭышәынтәаланы амҩаԥысра акырӡа аанагоит ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ҳара адистабилизациа арҿиара азин ҳамаӡам. Уи ҳара ҳгәлацәа, Урыстәылатәи Афедерациа аҿы ҳҩызцәа еиҳабацәа даараӡа ирныруеит, ҳаргьы уи акала иҳахәо иҟаӡам. Ас еиԥш иҟоу апроцессқәа зегьы шьҭахьҟа ҳаршәуеит. Убри аҟнытә ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит зегьы азакәан аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысырц азы. Усҟан ари алхратә процесс алахәылацәа зегьы алхрақәа рылҵшәақәа азхарҵап ҳәа сгәы иаанагоит. Ҳаргьы иҭышәынтәалоу хаҿиара пиҩа иацаҳҵоит. Уи шымҩаԥсло аамҭа иаҳнарбоит. Сара сзы ҳаҭыр дууп Шәара шәахьсыдыскыло иахьа», – ҳәа иҳәеит иара.
Уаанӡа Сергеи Бабурин изныкымкәа иԥылахьаз адепутат Фазлыбеи Аҩӡба, иара иахь ихы рханы аԥсуа жәлар рахь гәыкала иҟазаара азы иҭабуп ҳәа иаиҳәеит:
«Сара Шәара Аԥсны Актәи Ахада шәшизыҟази Шәаргьы иара дышшәзыҟази атәы ибзиаӡаны издыруеит. Шәара аибашьра аныҟаз аамҭа азы Аԥсны ашьақәгылара аус аҿы шәлагала ахә ашьара уадаҩуп. Сара издыруеит Шәара шәандепутатыз аамҭақәа рзы ҳҳәынҭқарра аинтересқәа рыхьчаразы шәышгылаз, уи азы идуӡӡаны иҭабуп ҳәа шәасшәарц сҭахуп. Ҳара есымша шәбара ҳаигәырӷоит. Шәара даара ҳаҭыр-пату зқәу ҳреспублика атәылауаҩ шәоуп».
Жәлар Реизара-Апарламент адепутат Галуст Трапизаниан Сергеи Бабурин ҳтәыла азы еиҳа иуадаҩу аамҭақәа рзы есымша Аԥсны ажәлар дрыдгылоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Уи азы ҳара Шәара иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит, есымшагьы гәкыла шәбара ҳаигәырӷьоит. Бзиала шәаабеит шәыҩныҟа!» – ҳәа иажәа хыркәшо иҳәеит иара.