Аҟәа. Жәабранмза 15, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Жәабранмза 15 рзы Аҳәынҭқарра Ахада ҽҳәараанӡатәи иалхрақәа мҩаԥысуеит. Ашьыжь, асааҭ 8 рзы Аԥсны еиҿкааз алхратә ҭыԥхадақәа 35 рҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥқәа 152 зегьы аатит.
– Аҟәа ақалақь аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 9, алхырҭатә ҭыԥқәа 25;
– Гагра араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 5, алхырҭатә ҭыԥқәа 29;
– Гәдоуҭа араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 7, алхырҭатә ҭыԥқәа 31;
– Аҟәа араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;
– Гәылрыԥшь араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 3, алхырҭатә ҭыԥқәа 16;
– Очамчыра араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 6, алхырҭатә ҭыԥқәа 33;
– Ҭҟәарчал араион аҿы– алхратә ҭыԥхадақәа 2, алхырҭатә ҭыԥқәа 8;
– Гал араион аҿы – алхратә ҭыԥхадақәа 1, алхырҭатә ҭыԥқәа 2.
Алхырҭатә ҭыԥқәа Аԥсны анаҩсгьы ақалақьқәа Москвеи Черқесски иаартуп.
Абжьыҭара иалагаанӡа алхратә ҭыԥхада акомиссиа алахәылацәа анаԥшыҩцәа алархәны алхратә биуллетеньқәа рыԥхьаӡеит.
Урҭ рахьынтә уи азы азинмчы змаз ҩыџьа абиуллетень ахаҿратә ган хыхь, арыӷьарахьала рнапынҵақәа ықәдыргылеит, анаҩс урҭ аҭыԥхадатә алхратә комиссиа амҳәыр аадырхеит.
Аҭыԥхадатә алхратә комиссиақәа рхантәаҩцәа иҭацәу алхратә урнақәа амҳәыр аадырхеит.
Абжьыҭаразы асиа иануп 134 500-ҩык алхыҩцәа, алхрақәа мҩаԥысит ҳәа ишьақәдырӷәӷәарцаз асиа иану алхыҩцәа рыбжа еиҵамзароуп зыбжьы азҭаз.
Алхрақәа рымш аҽны 900-ҩык инареиҳаны амилициа аусзуҩцәа аус руеит. Ареспубликахь иааит 33-тәыла рҟынтәи 100-ҩык инареиҳаны жәларбжьаратәи анаԥшцәа.
Абжьыҭара хыркәшахоит жәабран 15 асааҭ 20:00 рзы.
Аҳәынҭқарра ахадарахьы иқәгылоуп хәҩык акандидатцәа – Бадра Гәынба, Адгәыр Арӡынба, Роберт Аршба, Олег Барцыц, Адгәыр Хәырхәмал.
Аиааира игеит ҳәа дрыԥхьаӡоит алхыҩцәа рзеиԥш хыԥхьаӡара аҟнытә 50 проценти даҽа бжьыки зауз акандидат.