Абжьыҭира шымҩаԥысуа азы адырра аларҵәара мҩаԥыслоит Алхратә комиссиа Хада апресс-маҵзура апресс-центр аҿы асааҭ 12:00, 15:00, 18:00, 20:30 рзы, уи иара убас Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә Телерадиоеилахәыра ишиашоу аефир ала идырбахоит.
Асааҭ 09:00 рзы иҟаз адыррақәа рыла, ақалақь Черқесск аҿы (Урыстәылатәи Афедерациа) рыбжьы арҭахьеит 118 - ҩык алхыҩцәа, ҳәа адырра ҟарҵеит Алхратә комиссиа Хада аҿы.