Алхратә кампаниа аан акандидатцәа зегьы алхыҩцәа доусы рыпрограммақәа рыдыргылон, ирзеиҭарҳәон атәыла аҿиаразы иҟаҵатәу аганахьала дара ргәаанагара атәы. Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресси аидгылара «Аиашареи» алхратә кампаниа алахәылацәа алхыҩцәа ирԥыларц азы, Урыстәыла аҵакыраҿы уахь иналаҵаны, ирылшоз ала ацхыраара ҟарҵеит. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп акандидатцәеи алхыҩцәеи рыбжьара иаарту, гәыкала иҟоу адиалог алхрақәа рымш аҽны ииашоу аӡбамҭа адкылара иацхраауеит.
Иахьа ихадоу аамҭа ҳауеит. Аԥсны уаҵәтәи аԥеиԥш абжьыҭира алҵшәақәа ирыдҳәалахоит Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп алхыҩцәа зегьы рыбжьы акырӡа шаанаго.
Имаҷымкәа Аԥсны атәылауаа Аԥсны анҭыҵ Урыстәыла. инхоит, аусгьы руеит. Рыцҳарас иҟалаз, акыр ааԥхьарақәа шыҟаҵазгьы, иназыцҵоу алхырҭатә ҭыԥқәа Питербург, егьырҭ ақалақьқәа рҿы аартра залмыршахеит. Сгәаанагарала, ари азҵаара ҳаԥхьаҟа аӡбара ахәҭаны иҟоуп.
Иахьа акырӡа аанагоит алхрақәа рымҩаԥысшьа. Урҭ иаартны, адемократикатә ҟазшьа рыманы, ииашаны имҩаԥысроуп. Уи ауп атәылауаа алхрақәа рылҵшәақәа агәра ганы иазхарҵартә амчреи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши рыгәра ргартә еиԥш иҟазҵо. Азакәан ақәныҟәара, алхратә процесс аартра – ари алхратә комиссиақәа рымацара акәӡам изҭакԥхықәроу, уи иара убас акандидатцәа зегьы ирҭакԥхықәроуп. Избан акәзар, аполитика ахь ицо дарбанызаалак ауаҩы ихықәкы хаданы иҟоу – ахатәы амбициақәа рынагӡара акәымкәа ужәлари ууаажәлари рымаҵ аура ауп.
Аԥыза иаша – уи ауаажәларра реидкылара зылшо иоуп. Уи алхрақәа рышьҭахь идгылаҩцәа рзы мацара акәымкәа Аԥсны зегьы азы, атәылауаа зегьы рзы аус зуло иоуп.
Сара гәык-ԥсыкала исҭахуп арҭ алхрақәа Аԥсны аҿиара аҿы иҿыцу хра злоу етапны иҟаларц, атәылауааи анапхгареи рыбжьара агәреибагара зырӷәӷәо, иӷәӷәоу, иҭышәынтәалоу, аизҳазыӷьара амҩа иану ареспубликаны иҟазҵо акакәны иҟаларц сҭахуп.
Ари амш ареспублика атәылауаа зегьы ирзаанагааит иаку ажәлари иалырхыз анапхгареи еидгыланы аԥсҭазаара бзиа, ԥхьаҟатәи аԥеиԥш лаша азы агәыӷра агәрагара».