Убри инамаданы, Алхратә комиссиа хада иаӡбеит ԥшь-нызқь биуллетен Урыстәыла аҳҭнықалақь ахь ишьҭызарц. Иахьатәи адыррақәа рыла 3 сааҭк ирылагӡаны уаҟа ауаа рацәаны инеихьеит, рыбжьы арҭахьеит 450-ҩык иреиҳамкәа. Иаанхеит даҽа 9 сааҭк.
«Ҳара ҳазгәаҭарақәа рыла, иарбоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы 2500 – 3000-ҩык роуп абжьыҭира иахьӡо», – ҳәа АКХ Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы Москваҟа 4 нызықь биуллетен здәықәҵааз, заанаҵтәи адыррақәа рыла уаҟа алхыҩцәа – Аԥсны атәылауаа рзеиԥш хыԥхьаӡара 7 нызықьҩык рҟынӡа инаӡозар ҳәа ажурналист изҵаара аҭак ҟаҵо иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
12:35. «Абри асааҭ азы алхратә ҭыԥқәа рҿы алхратә процесс ҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит, аилагарақәа аарԥшӡам», - ҳәа Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуа абрифинг аҿы дықәгыло иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Уи иажәақәа рыла Алхратә комиссиа Хада ахь акандидатцәа руаӡәк иҟынтәи алхратә ҭыԥқәак рҿы анаԥшыҩцәа иназыцҵоу асиа афотосахьа аҟаҵара руӡом ҳәа ааԥхьарак ҟалеит.
«Азакәан ишаҳәо ала, анаԥшыҩцәа азин рымаӡам афото-видоео ҭыхрақәа рыҟаҵара. Аха ҳара азин раҳҭоит анаԥшыҩцәа напыла апаспорттә рбагақәа рыда ажәлақәа рхыҩлаара. Иарбоу азҵаарала алхратә ҭыԥқәак рҿы аиԥҟьарақәак аҭыԥ роуит, аха ари азҵаара аӡбара алыршахеит», – ҳәа иҳәеит Дмитри Маршьан.
12:30.
Асааҭ 12:00 рзы Аԥсны алхрақәа рахь инеиз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 21% (28 743-ҩык) еиҳахеит, ҳәа Алхратә комиссиа Хада Жәларбжьаратәи апресс-центр аҿы имҩаԥысуа абрифинг аҿы иҳәеит АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Аҟәа ақалақьи ареспублика араионқәеи рҿы алхрақәа рахь инеиз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара:
Аҟәа ақалақь – 21%,
Гагра араион – 14%,
Гәдоауҭа араион – 33%,
Аҟәа араион – 23%,
Гәылрыԥшь араион – 20%,
Очамчыра араион– 25%,
Ҭҟәарчал араион– 15%,
Гал араион – 20%.
13.11. Аԥсны ахадарахьы акандидат Адгәыр Арӡынба атәыла ахада иалхразы ибжьы иҭиит. Иара алхрақәа ихы рылаирхәит Афон ҿыц иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.
12:32 Роберт Аршба ибжьы аиҭеит Аԥсны ахада иалхразы. Атәыла ахадарахьы акандидат ибжьы аиҭеит Бабышьира иҟоу алхратә ҭыԥ аҿы.
11:02 Олег Барцыц Аԥсны Ахада иалхрақәа рҿы ибжьы иҭиит
Атәыла ахадарахьы акандидат ибжьы иҭиит Гәдоуҭа араион иқыҭа гәакьа Блабырхәа иҟоу алхырҭатә ҭыԥ аҿы.
«Сгәалаҟазаара бзиоуп. Иахьа ҳтәыла даара акрызҵазкуа алхра ҟанаҵоит. Аԥсны аҿиарамҩа ҿыц ылнахыр ахәҭоуп – ҭынчрала, аиҿагылара ҟамҵакәа", – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
12:15. Атәыла ахадарахьы акандидат Бадра Гәынба ибжьы иҭиит алхратә ҭыԥхада №6 аҟны иҟоу Аҟәатәи аҳәынҭқарратә коллеџь аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥ №3 аҿы.
«Иахьа иааҳарԥшуеит ахдырра ду, уаҵәтәи ҳҳәынҭқарра аԥеиԥш, ҳажәлар рымҩа ақәлашьа. Хымԥада, сгәы иаанагоит, иахьа иааҳарԥшуа ҳара ҳабжьы иаҵанакуеит ирацәаӡаны, уаҵәтәи ҳԥеиԥш ҳазегьы ҳазхәыцуеит, иахьа уажәраанӡа ҳҳәынҭқарра еиқәырханы иаҳзааргаз шьҭа ҳара пату ақәҵаны аныҟәгара ҳақәшәароуп», — ҳәа иҳәеит Бадра Гәынба.
Бадра Гәынба атәылауаа зегьы ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш алызкаауа ҭакԥхықәра зцу аӡбамҭа идикылароуп, ибжьы аиҭароуп ҳәа иазгәеиҭеит. Акандидат иазгәеиҭеит ибжьы шиҭиуа Аԥсны ҭышәынтәаланы иҿиаларц, Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ӷәӷәахарц, ҳтәылауаа рыԥсҭазаара еиӷьны, шәарҭарак ыҟамкәа, ҳаибашьцәа ззықәԥоз зегьы аиқәырхаразы
11:39. Аҳәынҭқарра ахадарахь Адгәыр Хәырхәмал Аҟәа ақалақь алхратә ҭыԥхада №4 Аҟәа ақалақьтә поликлиника аҟны иҟоу алхратә ҭыԥ №2 аҿы ибжьы аиҭеит. Ари аҭыԥ хадаҿы асиа иануп 1917-ҩык ауааԥсыра, уажәтәи аамҭазы рыбжьы рҭихьеит 380-ҩык алхыҩцәа.
Адгәыр Хәырхәмал иахьа акыр зҵазкуа мшуп атәыла зегьы азы ҳәа иазгәеиҭеит. «Иахьа Аҳәынҭқарра Ахадас иалххо аҭакԥхықәра ду иқәшәоит», - ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра ахадарахь акандидат.
11:20 Лаша Ашәба ибжьы иҭиит Аҟәатәи 14-тәи ашкол аҿы иҟоу ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥхада аҩбатәи алхырҭатә ҭыԥ аҿы.
«Иахьа ареспублика зегьы азы, Аԥсны жәлар рзы даара акрызҵазкуа мшуп. Аԥсны ахада, атәыла аҿы ихадоу ауаҩы иалхра иамшуп. Зегьреиҳа ихадоуп зегь ҭынчны, иҭышәынтәаланы амҩаԥгара", – ҳәа азгәеиҭеит Жәлар Реизара аиҳабы.
Иара агәыӷра ааирԥшит ажәлар иалырхуа акандидат раԥхьаӡа иргыланы Аԥсны жәлар реидкылара илиршап ҳәа.
11:40. Лыхны ақыҭан алхратә ҭыԥхада Nº17 аҟны иҟоу алхырҭатә ҭыԥ Nº1 аҿы асааҭ 11:30 рзы алхрақәа рахь иааз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 326-ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Аҭыԥхадатә алхратә комиссиа ахантәаҩы Нури Џьергениа, Лыхны агәы иахьаҵанакуа инхо ауааԥсыра активра аадырԥшуеит, аҭагылазаашьа ҭышәынтәалоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
«Ари алхырҭатә ҭыԥ аусура иалагеит ашьыжь асааҭ 07:00 рзы, избан акәзар, абжьыҭара иалагаанӡа алхратә ҭыԥхада акомиссиа алахәылацәа анаԥшыҩцәа алархәны алхратә биуллетеньқәа рыԥхьаӡеит. Урҭ рахьынтә уи азы азинмчы змаз ҩыџьа абиуллетень ахаҿратә ган хыхь, арыӷьарахьала рнапынҵақәа ықәдыргылеит, анаҩс урҭ аҭыԥхадатә алхратә комиссиа амҳәыр аадырхеит.
Аҭыԥхадатә алхратә комиссиақәа рхантәаҩцәа иҭацәу алхратә урнақәа амҳәыр аадырхеит. Абжьыҭара иалагеит асааҭ 08.00 рзы. Абри асааҭ азы рыбжьы арҭахьеит 326 -ҩык. Ари иаанаго даараӡа ибзиоу адинамика аҟазаара ауп», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.
11:06. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Аԥсны ахада иалхрақәа рҿы ибжьы иҭиит. Аԥсны Ахада инапынҵақәа назыгӡо Валери Бганба Гагратәи алхратә ҭыԥ №3 аҿы ибжьы иҭиит.
Иара ажурналистцәа дрыҿцәажәо иҳәеит игәалаҟазаара шыбзиоу, Аҳәынҭқарра Ахада ҿыц иҟынтәи аҳәынҭқарра аргылара иадҳәалоу аусурақәа рырцыхцыхра дшазыԥшу.
11:25. «Алхрақәа ҭышәынтәланы имҩаԥысуеит. Алхратә ҭыԥхада аартын ашьыжь, асааҭ 8 рзы. Абри асааҭ азы араҟа рыбжьы арҭахьеит 412-ҩык алхыҩцәа», - ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Москва иҟоу алхратә комиссиа ахантәаҩы Беслан Кобахьиа.
11:23. Гагра ақалақь, алхратә ҭыԥхада Nº12 алхратә ҭыԥ Nº3 аҿы асааҭ 11:00 рзы иааз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 270 – ҩык рҟынӡа инаӡеит.
Алхратә комиссиа ахантәаҩы Алла Сиҷинаа лажәақәа рыла, ауааԥсыра активла алхрақәа рхы аладырхәуеит, алхрақәа ҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит.
«Алхырҭатә ҭыԥ аатит ашьыжь, асааҭ 08:00 рзы. Абри асааҭ азы рыбжьы арҭахьеит 270 –ҩык. Ари аамҭазы уи даара ибзиоу лҵшәоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
10:35. Аҟәатәи амедицинатә коллеџь аҿы иҟоу алхырҭатә ҭыԥхада №4, алхратә ҭыԥ №1 аҿы асааҭ 10:00 рзы иааиз алхыҩцәа рхыԥхьаӡара 213 - ҩык рҟынҟа инаӡоит. Алхратә комиссиа ахантәаҩы Нату Ҭарба алхрақәа ибзиаӡаны имҩԥысуеит ҳәа иазгәалҭеит.
«Рыбжьы арҭахьеит 213-ҩык. Ари аамҭа азы уи даараӡа ибзиоу алҵшәоуп», – ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.
10:33. «Ҳара ҳҿы алхрақәа зегьы акыр аҵанакуеит, изаамҭанытәиимгьы уахь иналаҵаны. Сара сгәаанагарала, аизҳазыӷьарахь амҩа – иаарту, ииашаны имҩаԥгоу алхрақәа роуп. Мап анакәха, акыр злыҵра уадаҩу акризис ҟалар алшоит. Сара иахьа алхратә процесс зхы алазырхәуа зегьы ламысла рхы мҩаԥыргарц азы ааԥхьара ҟасҵоит», - ҳәа иҳәеит аибашьра аветеран, Аԥсны афырхаҵа Аслан Кобахьиа Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа рахь даннеи.
09:55. Очамчыра араион Кәтол ақыҭан иҟоу алхратә ҭыԥхада №30 алхратә ҭыԥ №1 аатит ашьыжь, асааҭ 08:00 рзы.
Алхырҭатә ҭыԥ шаатызҵәҟьа ауаа абжьыҭарахь иаауа иалагеит. Уажәазы аилагарақәа ҳәа акгьы аарԥшӡам, зегьы ҭынч, акыр иҭышәынтәаланы имҩаԥысуеит, – ҳәа ирҳәоит акандидатцәа рҟынтәи анаԥшыҩцәа.
09:18. Асааҭ 09:00 рзы иҟоу адыррақәа рыла Аԥсны анҭыҵ, Черқьесск ақалақь (Урыстәыла) иҟоу алхратә ҭыԥ аҿы рыбжьы арҭахьеит 118 – ҩык.
09:01. Аԥсны АКХ ахыбра аихатә турникетқәа рыла иҭахкаауп. Азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа ауаажәларратә зинеиҿкаара иахылаԥшуеит.
09:00. Аԥсны АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан Ареспублика Аԥсны Ахада иалхрақәа шалагаз азы адырра ҟаиҵеит..
«152 алхратә ҭыԥқәа зегьы рҿы Аҳәынҭқарра Ахада иалхрақәа ирылагеит асааҭ 08:00 рзы, урҭ зегьы иҭышәынтәаланы аус руеит. … Урыстәыла иахьҵанакуа (Урыстәыла) иахьаҵанакуа Москвеи Черкесски иҟоу алхратә ҭыԥқәа убасҵәҟьа, асааҭ 8 рзы иаатуеит. Москвеи Черкесски Уаагьы алхратә процесс активла имҩаԥысуеит. Макьаназы еилагарак ҳәа акгьы аарԥшӡам», – ҳәа иазгәеиҭеит Дмитри Маршьан.
08:43. Абжьыҭара аҽны азинхьчаратә усбарҭақәа рзиндырра иаҵанакуа азҵаарақәа зегьы рыла атәылауаа адҵаалар ҟалоит:
– Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аппресс-центр, абри аелектронтә пошьҭа ахь Hierdie e-posadres word van Spambotte beskerm. Jy moet JavaScript ontsper om dit te lees.
– Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра «агәарагара ацәаҳәа» абри аҭел ала +7 940 920-20-95.
Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атерриториалтә ҟәшеиҵақәа зегьы рҿы уахи-ҽни аус ауеит аԥыԥшратә хәҭақәа рҭелқәа:
Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа +7 840 234-10-81;
Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша ОВД +7 840 245-73-73;
Аҟәа араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша +7 840 222-63-34;
Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа +7 840 226-48-84;
Гәылрыԥшь араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша;
Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша +7 840 251-00-21;
Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша +7 840 263-12-70;
Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша + 840 285-02-02.