АҾЦӘАЖӘАРА

pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса рзы Атәанчаҩратә фонд шықәсык азы акатегориақәа зегьы ирыҵанакуа атәанчаҩцәеи аԥаратә цхыраагӡатәқәа зауа ауааԥсыреи  ашәатәқәа зегьы ршәара афинанстәра хнаркәшеит.     

Атәачахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ԥхынҷкәынмзазы ацҵақәа реицҵалыҵ 104 млн 994 нызықь мааҭи рҟынӡа инаӡеит.

Атәынчаҩратә фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, 2022 шықәса,  ԥхынҷкәынмза 27 аҟынӡа атәачахәқәа, аԥаратә цхыраагӡатәқәа, ацҵақәа  ршәара азы иазоужьхеит  1 млрд 279 млн  076,5 нызықь мааҭ, уи иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз аасҭа 76 млн 961,1 нызықь мааҭ рыла еиҳауп. 2021 шықәсазы аиԥш-зеиԥшу амҭахәҭа азы ишәан 1 млрд 202 млн 115,4 нызықь мааҭ.

«Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса азы Атәанчаҩратә фонд ахь иалалаз абгаԥсатә лагалақәа рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 145 млн 312 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи 2021 шықәса иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 148 млн  510 нызықь мааҭ рыла еиҳахеит.   Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи адотациақәа 140 млн мааҭ рҟынӡа инаӡоит», - ҳәа иҳәеит Денис Гәылариа.  

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 28, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Аибашьрашьҭахьтәи ашықәсқәа зегьы рзы Аԥсны анотариалтә конторақәа зегьы  ԥхынгәымза 23,1977 шықәсазы ишьақәырӷәӷәаз Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалисттә Республика Аинструкциа иақәныҟәаны аус руан. Аԥсны аиустициа Аминистрра акоманда иҿыцу аинструкциа аус адуланы еиқәнаршәеит. Уи азинмчы аиураны иҟоуп ажьырныҳәамза 1, 2023 шықәса инаркны. Абри атәы ԥхынҷкәынмза 28 рзы Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо иҳәеит Ахылаԥшырҭа ахада Анри Барцыц.

Аминистр ишазгшәеиҭаз ала, ҿыц еиқәыршәоу аинструкциа – ари идуу иуадаҩу усшәҟәуп.  Иаԥҵан аусуратә гәыԥ, уи иалалеит хра злоу аԥышәеи адырреи змоу азиндырҩцәа, иара убас аԥышәа ду змоу аҳәынҭқарратә нотариусцәагьы. 

«Арҭ ауаа есымша иажәхьоу аинструкциа иадҳәаланы апроблемақәа ирықәшәон, иҿыцу аусшәҟәы иалагалатәу, насгьы иарбан позициақәоу хымԥада ишьақәырӷәӷәатәу шьахәлаҵәҟьа еилыркаауан», – ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы аҩаша, ԥхынҷкәынмза  27 рзы имҩаԥысыз аилатәара аҿы амшхәаԥштә иалагалаз  адгьылхархәаратәии амазаратәии азҵаарақәа рыла аӡбамҭақәа рыдыркылеит.

Аминистрцәа Реилазаара Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Феникс Групп» қьырала ианаҭеит ақьырмыҭтә зауад амазаратә комплекс.

Хазхаҭалатәи аусдкылаҩ Ажьиба  А.Р. ҽҳәарада ахархәара аҳсабала асасааирҭатә коттедџьқәа рыргылара азы Очамчыра араион Елыр ақыҭан иҟоу, 2,0 гектар рҟынӡа инаӡо адгьыл иҭахеит.

Ареспубликатә унитартә Наплакы «В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа» еиҭамҵуа амазара аобиектқәа  Гәылрыԥшь араион Ахадара ахатәрахьы ииагахоит.  Араҟа зыӡбахә ҳәоу адәқьани анхарҭаҩынқәеи роуп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара ахылаԥшырҭатә хықәкытә Программа «2022 шықәсазы ақыҭанхамҩа аҿиара» аиҭакрақәа аланагалеит.

Аиҭакрақәа алагалахеит аҟәшақәа «Апрограмма афинанстәра ашәагаақәеи ахыҵхырҭақәеи», иара убас «Апрограмма ихымԥадатәиу аресурсқәа (аныхтәқәа), ашәагаақәеи афинанстәра ахыҵхырҭақәеи».

Апрограмма афинанстәра ашәагаақәеи ахыҵхырҭақәеи: Апрограмма анагӡара азы 2022 шықәсазы ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи иазоужьхоит 100  млн. мааҭ. Иарбоу аԥаратә хархәагақәа иазоужьхоит:

– аҵиааӡара аҿиара, шықәсыктәии акыршықәсатәии аҵиаақәеи акәыкбаақәеи иаарту агрунтқәа рҿы еиԥш ирку агрунтқәа рҿы реиҭаҳара азы – 27 905 535  мааҭ;

– арахәааӡара аҿиара азы– 18 691 352 мааҭ ;

– аԥсыӡкра аусхкы аҿиара азы– 2 500 000) мааҭ ;

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 27,  2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ашықәс Ҿыц аныҳәа аламҭалазы Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы гәыԥҩык ақалақьуаа ҿарацәа иааиуа аныҳәа рыдырныҳәалеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит аҳҭнықалақь Ахадара аофициалтә саит.

11-ҩык аиаҭымцәа-ахәыҷқәа ақалақь Ахадара ахь инеит.  

Аҳҭнықалақь ахада ахәыҷқәа ашықәсҿыцтәи аҳамҭақәа ранеишьеит.

Беслан Ешба иара убас ихатәы ԥарақәа рҟынтәи ахәыҷқәа рыцыԥхьаӡа хәба-хәба нызықь мааҭ ҳамҭас ириҭеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба Аԥсны Аҳәынҭқарра Аԥыза-министр Александр Анқәаб Ииубилеи идиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Александр Золотинск-иԥа!

Гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит 70 шықәса шәхыҵра аиубилеи.

Шәара шәызнысыз аџьатә мҩа Аԥсадгьыл амаҵзура иазкуп. Ишәҟазшьоу агәамчи аиҿкааратә ҟыбаҩи есқьынгьы қәнагала ахархәара рыман. Шәнапы злакыз иарбанзаалак аус ҳреспублика аҿиара ацхраара иазкын. Амаҵзура ҳаракқәа рыҟны шәыҟазаараан Шәара есқьынгьы абаҩхатәра змоу анапхгаҩы иаша иҟазшьақәа шәрықәныҟәон.

1991 шықәсазы адепутат иаҳасабала Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет – Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент I ааԥхьарахьы, 2017 шықәсазы Апарламент VI ааԥхьарахь шәаналхыз аахыс Шәара Аԥсны Аҳәынҭқарра азакәанԥҵара аҿиараҟны шәлагаламҭа дууп.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент V ааԥхьара адепутат Беслан Шутик-иԥа Гәбаз иаамҭаӡамкәа иԥсҭазаара иалҵра инамаданы иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.

Адышшылараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«1992–1993 шш. Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра алахәҩы Белан Шутик-иԥа Гәбаз Апарламент аусураҟны илагаламҭа ыҟоуп Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Аграртә политикеи, аԥсабаратә лшарақәеи, аекологиеи зы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩи Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы Аилак алахәҩи иаҳасабала.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара Ахантәаҩы Михаил Мишустин Аԥсны аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Иира Амш идиныҳәалеит.   

Адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы, ахәҭакахьала иазгәаҭоуп:

«Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Анқәаб Золотинск-иԥа,

Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгареи хаҭала сара сыхьӡалеи шәира Амш шәыдысныҳәалоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Абар шьҭа мызқәак ирылагӡаны амилициа аусзуҩцәа ирӷәӷәоу арежим ала аус руеит. Ааԥсарак ҟамҵаӡакәа аныҳәатә мшқәагьы уахь иналаҵаны,  есыҽны ареидқәа мҩаԥыргоит.

Ареспублика амҩақәа рҿы азинеилагарақәа рыпрофилактикеи рыԥхьырҟәҟәаареи хықәкыс иҟаҵаны ареидттә усмҩаԥгатәқәа есыҽны имҩаԥысуеит, амилициа аусзуҩцәа ижәны амашьына аԥсҟы зку амашьынарныҟәцаҩцәа ааныркылоит, ахьырхәрагьы иақәдыршәоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 26, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр аҿы         Алеқсандр Грин еихьӡылоу иповест амотивқәа рыла иқәыргылоу ахәыҷтәы спектакль «Аԥра цәаԥшьқәа. Ашықәсҿыцтәи аџьшьахә» Ашықәс Ҿыц аламҭалазтәи аԥхьарбара мҩаԥысит.

Аспектакль аҿы ароль хадақәа нарыгӡоит: Лоида Ҭырқьба  (Ассоль), Мураҭ Халимбеков (Греи). Аспектакль аҿы акәашарақәа рықәыргылара азы ҷыдала Москвантәи ааԥхьара лыҭан ахореограф Софиа Буржиева. Аспектакль арежиссиор - Џьамбул Жорданиа.

«Аспектакль иалахәп атеатр атруппа зегьы. «Аԥра цәаԥшьқәа» – ари агәыцқьареи агәаартреи аџьашьахә агәрагареи иазку, даараӡа ишьаху аповест ауп. Аспектакль аҿы даара аинтерес зҵоу асценографиа, ашәақәа акәашарақәа алагалоуп. Сара сгәаанагарала, ари аспектакль Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ахәыҷқәа рзы акыр игәыҟаҵагоу ҳамҭаны иҟалоит», – ҳәа Аԥсныпресс акоррепондент диҿцәажәо иҳәеит Аурыс драматә театр адиректор хада Иракли Хьынҭәба.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.