Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа рыдиныҳәалеит.
Адныҳәалараҿы иҳәоуп:
«Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар!
Иахьа ҳара иазгәаҳҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш. Акрызҵазкуа ари амш аҽны ҳара иаҳгәалаҳаршәоит 1992 шықәса, ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Иреиҳаӡоу Асовет асессиа аҟны аҳәынҭқарратә бираҟи агерби анышьақәырӷәӷәаз амш. Ари абираҟ ахатәҳәаақәҵареи ахьыԥшымреи рзы ҳажәлар рықәԥара иасимволны иҟалеит.
Абираҟ анышьақәырӷәӷәаха анаҩс хымчыбжьа ааҵуаны, ҳажәлар рзы иԥышәара хьанҭаны иҟалаз аибашьра иалагеит. Ауадаҩрақәа зегьы ириааины урҭ ирылшеит ахьыԥшымра ахьчара, аибашьраҿы аиааира агара. Сынтәа Аԥсны Аҳәынҭқарра ҳҭоурых ҿыц ҳәаақәызҵаз Аиааира амш ныҳәа 30 шықәса ахыҵра азгәанаҭоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра абираҟ - ари ҳҳәынҭқарра аԥшӡара згым символны мацара иҟаӡам, раԥхьа иргыланы, зхы иақәиҭу атәылаҟны анхара -анҵыра, ахәыҷқәа рааӡаразы, аизҳазыӷьаразы иҳауыз аҭагылазаашьазы дарбанзаалак аҭакԥхықәра шҳаднаҵо ҳдыруазароуп. Ҳарҭ зегьы иаҳзеиԥшу уснагӡатәны ҳҿаԥхьа иқәгылоуп Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа рыԥсҭазаара аиӷьтәразы иҳалшо зегьы аҟаҵара.
Ҳаҭыр зқәу сыуаажәлар! Акрызҵазкуа абри амш аҽны Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылауаа, ҳҩызцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳаразыӷьара, акзаара».