Аԥсны аԥыза-министр актәи ихаҭыԥуаҩ, ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа, аҩ-ҳәынҭқаррак раҳҭнықалақьқәа агеографиала акыр шрыбжьоугьы, реимабзиаратә еизыҟзаашьақәа ессааира хра злоу аҿиара шаиуо азы агәыӷра ааирԥшит.
«Ҳара аокеан ҳабжьоуп, аха уеизгьы иаҳзеиԥшу, ҳаидызкыло рацәаны иҳамоуп. Ҳара ҳтәылақәа ихьыԥшым ҳәынҭқәаррақәаны аҟаларазы акыр ихьанҭоу аҭоурыхтә мҩа ианысит. Аԥсуа жәлар рыхьӡала шәмилаҭтә ныҳәа ду – Сандинисттәи ареволиуциа 44 - шықәса ахыҵра шәыдысныҳәалоит, Никарагуа ажәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аҭышәынтәалара, ахирра», - ҳәа иазгәеиҭеит Беслан Џьопуа.
Беслан Џьопуа иара убас Никарагуа ақыҭанхамҩа аминистр Боско Костилио диԥылеит.
Боско Костилио аԥснытәи иколлега Никарагуа ақыҭанхамҩатә потенциал атәы изеиҭеиҳәеит.
Ахәҭакахьала, Беслан Џьопуа Аԥсны ақыҭанхамҩа аҿиара атәы далацәажәеит, иарбоу аусхкы аҿы ареспубликақәа аусеицура рыбжьаҵара иаҵоу аҵакы хада дазааҭгылеит.
Беслан Дџьопуеи Боско Костилиои аҩганктәи адиалог ацҵаразы еиқәшаҳаҭхеит.