АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Ԥхынгәы.2023

Ԥхынгәымза 24 – 31 рзы Аԥсны иҟалараны иҟоу акультуратә хҭысқәа рафиша.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Акультура Аминистрра мчыбжьык ала – ԥхынгәымза  24- 31 рзы иҟалараны иҟоу акультуратә хҭысқәа рафиша адгалара мҩаԥнагоит.

Р. Гәымба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә филармониа.

Ԥхынгәымза 26, асааҭ 19:00 рзы – аклассикатә музыка аконцерт «Италиаҟа авизит». Уи рхы аладырхәуеит  – Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистка Нана Черқьезиеи Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә филармониа  асолистцәа  Ольга Смоленскаиа, Ирина Головина.

Аԥснытәи аҿартә театр

Ԥхынгәымза 26, асааҭ 19:00 рзы  – абырзен шәҟәыҩҩы  Дмитри Псафас ипиеса амотивқәа рыла иқәыргылоу аспектакль «Амцҳәаҩ даҭахуп».

Ф. Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр (РУСДРАМ)

Ԥхынгәымза 24 рзы –   «Электра».

Ԥхынгәыза 25 рзы –   «Оскар».  

Ԥхынгәыза 26 рзы –   "Мама".

Ԥхынгәыза 27 рзы –  «MARQUEZ. Азаҵәра аԥхыӡқәа».

Ԥхынгәыза 28  рзы  –  «Аклиникатә хҭыс».

Ԥхынгәыза 29  рзы –  «Солиарис».

Ԥхынгәыза 30  рзы  –  «Акгьы хьаас иҟамҵакәа  агәырӷьара».

Аспектакльқәа ралагара аамҭа – асааҭ 19:00 рзы.

Пицундатәи аныхабаа аконцертә зал.

Ес-сабша – Р. Гәымба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә филармониа асолистцәа рконцерт.  Алагара аамҭа асааҭ 17:00 рзы.

Ес- хаша – Аԥсны Аҳәынҭқарра ахортә капелла аконцерт. Алагара аамҭа асааҭ 17:00 рзы.

Ԥхынгәымза 24, асааҭ 17:00 рзы – аклассикатә музыка аконцерт «Вивальди иҟынтәи Еунауди иҟынӡа». Уи рхы аладырхәуеит Челиабинсктәи аҳәынҭқарратә фиоармониа асолистцәа Ольга Смоленскаеи Ирина Головинеи.

Ԥхынгәымза 31, асааҭ  20:00 рзы – I Пицундатәи жәларбжьаратәи амузыкатә фестиваль аартра ацеремониа мҩаԥгахоит.

 

 


Read 319 times - Ашәахьа, 24 Ԥхынгәы 2023 19:40
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.