АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Ԥхынгәы.2023

Аԥсны иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә бираҟ Амшныҳәа.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынгәымза 23 рзы Аԥсны иазгәарҭеит Аҳәынҭқарратә  бираҟ  Амшныҳәа.

Ари аныҳәа иазкны амаланыҟәатә, автомотоеиԥхныҩларақәа мҩаԥгахеит. Амашьынақәа, амотоциклқәа, амаланыҟәақәа Ахақәиҭра Ашҭа аҟынтәи Аҟәа араион, Алада Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав  Арӡынба Имемориал  аҟынӡа имҩасит. Уаҟа ари акциа иалахәыз Амемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Анаҩс автоеиԥхныҩлара иалахәыз Очамчыра араион Кәтол ақыҭан иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарратә Бираҟ автор Валери Гамгиа инышәынҭра ахь амҩа иқәлеит. Араҟа урҭ Валери Гамгиа (29.09.1944 – 21.10.1992)  инышәынҭраҿы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит.

Ари акциа рхы алыдырхәит 200-ҩык инареиҳаны, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп «Альфард-клуб» алахәылацәа,   амотоциклистцәа рыклубқәа «Абрек», «Аинар», амаланыҟәаныҟәцаҩцәа реилазаара «Ridebike Аpsny» алахәылацәа.

Акциа алахәылцәа Аҳәынҭқарратә автоинспекциа аусзуҩцәагьы рыцын.

Ахәылбыҽха Амҳаџьыраа Рыԥшаҳәа аҿы имҩаԥгахеит Аԥсны аҭоурыхтә бираҟқәа кны ҽыла аиасра. Аҽыуаҩцәа С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿаԥхьа иҟоу аплошьад аҟынтәи Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху Аплошьад аҟынӡа  ҽыла ииасит.

Иара убрааҵәҟьа аҳәынҭқарратә рҿиаратә коллективқәеи аԥсуа естрада артистцәеи злаху аныҳәатә концерт мҩаԥгахеит.

Аконцерт алагаанӡа асценахь ицәыргахеит 16 бираҟ, аконцерт амҩаԥгаҩ  Алхас Манаргиа урҭ рҭоурых ааркьаҿны еизаз ирзеиҭеиҳәеит.

Аконцерт иаҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынбеи.

Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟи агерби шьақәырӷәӷәан ԥхынгәымза 23, 1992 шықәсазы Аҟәа ақалақь, Ареспублика Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет асессиа аилатәара аҿы.

Рашәарамза 3, 2005 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Сергеи Багаԥшь «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы аныҳәатәи агәалашәаратәи амшқәа рзы» Ареспублика Аԥсны Азакәан аиҭакрақәеи ацҵақәеи ралагалара азы» Аԥсны Жәлар Реизара-Апарламент иаднакылаз азакәан инапы аҵаиҩит. Убри амш инаркны, ԥхынгәымза 23 Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш ҳәа ишьақәырӷәӷәахеит.


Read 325 times - Ашәахьа, 24 Ԥхынгәы 2023 20:11
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.