АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Ԥхынгәы.2023

Амцарцәара азы адыррақәа реиӷьтәра иазкыз аҽазыҟаҵарақәа ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Амцарцәара азы адыррақәа реиӷьтәра иазкыз атеориатәи аԥышәарҳаратәи  аҽазыҟаҵарақәа ашьха иаԥну ақыҭа Ԥсҳәы аҿы   имҩаԥысит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.  

Аҭыԥантәи амцарцәара-еиқәырхаратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа иҷыдоу аҭагылазаашьақәа раан, ахәҭакахьала, абнара амцакра аан, оптималла азанааҭдырратә усеицура алгоритм аус адулара мҩаԥыргеит.

Аминистр Лев Кәыҵниа идҵа инақәыршәаны, Аҟәа араион Ԥсҳәы ақыҭа амцарцәара-еқәырхаратә ԥыԥшырҭа аусзуҩцәа аџьшьара рыҭоуп, анапхгаратә аҳаҭыр шәҟәы ранашьоуп.  


Read 247 times - Аҩаша, 25 Ԥхынгәы 2023 11:47
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.