АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2023

Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» иаԥну аҵакыра анҭыҵтәи агәаҭара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Аужьҭра-гәаҭаратә Ԥыԥшырҭа «Ԥсоу» иаԥну аҵакыра  аҿы ауаажәларратә зинеиҿкаареи амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа рықәныҟәареи рганахьала иҟоу аҭагылазаашьа аилкаара хықәыс иҟаҵаны,   анҭыҵтәи агәаҭара мҩаԥигеит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.  

Аминистр ареспублика иаҭаауа асасцәа зегьы раԥхьаӡа иргыланы аҳәаа иаԥну аҵакыраҿы азакәанреи азинлеишәеи рыҩаӡара ахьынӡаҳараку ауп ахшыҩзышьҭра зырҭо, иара убри алагьы ауп изҭаауа атәыла аҟынтәи ироуз аныррагьы ахәшьара шарҭо  ҳәа иазгәеиҭеит. «Изеиԥшразаалак  асубиективтә ҭагылазаашьақәа ишьақәыргылоу аԥҟарақәа реилагара рыриашара рылшо иҟам», - ҳәа иҳәеит иара.  

Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҟәшеиҵақәа аринахысгьы аҳәаа иаԥну атерриториа аҟны азакәан ақәныҟәареи азинлеишәеи рышьақәыргылара иазырханы апрофилактикатәи ареидтәи аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара иацырҵоит. Ахәҭакахьала, амашьынарныҟәцаҩцәа  апассаџьырцәа рныҟәгразы азин шрымоу азы аршаҳаҭгақәа рымазаара гәарҭалоит, ижәны амашьына аԥсҟы акра азы аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара азы ӷәӷәала аусура мҩаԥгахоит, иара убас амашьынақәа рыргылара аԥҟарақәа рынагӡара ҷыдала ахылаԥшра аҭахоит.  

Аҵыхәтәантәи аамҭазы лассы-ласы ауааԥсыреи атуристцәеи  рҟынтәи аҳәаа иаԥну аҵакыра аҿы ауаажәларратә зинеиҿкаара аԥҟарақәа реилагара аганахьала адҵааларақәа рыҟалара инамаданы, атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр амилициа аусзуҩцәа  рҿаԥхьа иқәгылоу аахыдҵақәа рынагӡара хаҭала ахылаԥшра аҭара ихахьы игеит.  


Read 208 times - Аҩаша, 25 Ԥхынгәы 2023 12:12
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.