АЖӘАБЖЬҚӘА

23.Ԥхынгәы.2023

Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 23, 2023 шықәса.  Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша Аԥсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ амш рыдиныҳәалеит.

 

Адныҳәалараҟны иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!

 

Аԥсны Жәлар Реизара - Апарламент ахьӡала ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Абираҟ амш!

Ҳреспублика иамоу аҳәынҭқарратә дыргақәа – абираҟ, агерб, агимн ада ҟалашьа амаӡам, урҭ рыда уи ухаҿгьы иузаагом. Урҭ дара рхатә ҭыԥ рымоуп ҳтәыла зегь аҳәынҭқарратә ԥсҭазаараҟнеиԥш, уи иқәынхо дарбанзаалак иԥсҭазаараҟынгьы.

Аҳәынҭқарратә бираҟ амш – шәаргьы ҳаргьы зышьақәыргылара ҳаҿу иахьатәи Аԥсны аҭоурых иахәҭакуп. Ари аныҳәа ҳәынҭқарра ныҳәоуп, ҳажәларгьы ирныҳәоуп. Уи нарҭбааны иазгәарҭоит Аԥсны Аҳәынҭқарраҟнеиԥш, хара уи анҭыҵгьы.

Ҳара ҳбираҟ ҳазгәдууп, аԥсуа жәлар рԥеиԥш бзиа, рпатриотизм, Аԥсны жәлар зегьы рфырхаҵареи реидгылареи  иазҳәоуп.

Абри амш аҽны – 1992 шықәса ԥхынгәымза 23 рзы ишьақәырӷәӷәан Аԥсны Аҳәынҭқарратә бираҟ, милаҭрацәала ҳреспублика иқәынхо ҳажәлар реидгыларала аԥхьаҟатәи аԥеиԥш лашазы агәрагара анроуыз иамшынгьы иҟалеит. 

Аԥсуа бираҟ аринахысгьы ҳаиднакылоит, абџьаршьҭыхла зхьыԥшымра ашьақәыргылара алыршахаз, зхы иақәиҭу, мчы змоу ҳ-Аԥсадгьыл аихьӡарақәа ҿыцқәа рахь иҳаԥхьоит».

 

 


Read 202 times - Ахаша, 30 Нанҳәа 2023 15:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.