АЖӘАБЖЬҚӘА

24.Ԥхынгәы.2023

Нестор Багаҭелиа «Moscow Open 2023» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысыз атурнир «Анатоли Карпов Ихраҿагара» аҿы аиааира игеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 24, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥснытәи ашахматист ҿарацәа Нестор Багаҭелиа, Баграт Киути Анна Палаванӡиеи, Ирина Винер-Усманова лыхьӡ зху агимнастика Ахан аҿы имҩаԥысуаз  «Moscow Open 2023»  рхы аладырхәит.

Мчыбжьык (ԥхынгәымза 16 инаркны ԥхынгәымза 24 аҟынӡа) имҩаԥысуаз атуринир рхы аладырхәит 8 тәылак рҟынтәи 1 000-ҩык инареиҳаны ашахматистцәа.

Урыстәыла Ахраҿыгара ахәыҷтәы етап аҟны рхы аладырхәит 632-ҩык ашахматистцәа, ахацәа ретап– 308-ҩык, аҳәса ретап  – 109-ҩык.

Ихадоу атурнир аҿы Аԥснытәи ашахматист ҿарацәа ибзиоу алҵшәақәа аадырԥшит.

«Moscow Open 2023» аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит    атурнир «Анатоли Карпов Ихраҿагара». Уаҟа, Урыстәыла иреиӷьу ашахматистцәа дыриааины, Нестор Багаҭелиа 15-шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара актәи аҭыԥ ааникылеит, - ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы.

Аԥснытәи ашахматистцәа Москваҟа рцара залыршахеит Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилаки Аԥсны ашахматқәа Рфедерациеи иҟырҵаз ацхыраара иабзоураны.  


Read 230 times - Аҩаша, 25 Ԥхынгәы 2023 12:58
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.