АЖӘАБЖЬҚӘА

25.Ԥхынгәы.2023

Ҳазҭоу ашықәс актәи азыбжазы Гәдоуҭа араион аҿы иахыԥхьаӡалоу ашәахтәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ 141 млн. мааҭ инарзынаԥшуеит.

Аҟәа. Ԥхынгәыза 25, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  2023 шықәса актәи азыбжазы ашәахтә шәатәқәа раҳасабала атәыла абиуџьет иалагалаз аԥаратә хархәагақәа рзеиԥш еицҵалыҵ  140 млн 965,8 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, убри аан планла ишьақәырӷәӷәан  111 млн 885,8 нызықь мааҭ.  Аплан анагӡара 126% рҟынӡа инаӡеит. Абри азы иахьа араион актив алархәны Аҳәынҭқарра Ахада  имҩаԥигаз анҭыҵтәи аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Гәдоуҭа араион ашәахтә инспекциа аиҳабы Рауль Аҩӡба.

Иҳаҩсыз ашықәс азы аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, аизҳара адинамика 113% рҟынӡа инаӡеит (+16 млн 729,3 нызықь мааҭ).

Ашықәс актәи азыбжазы Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк иаҭааит 153 566-ҩык, уи  иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, 34 942 –ҩык рыла еиҳауп.  

Афонҿыцтәи аҳаԥы Акомплекс аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны иаҭааит 94 778 - ҩык.  Уи иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иаҿырԥшны уахәаԥшуазар, - 3 309 – ҩык рыла еиҳауп.  

Ԥхынгәымза 1, 2023 шықәсазы иҟаз адыррақәа рыла,  араион аҿы атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи раанкыларазы аҭыԥқәа рхыԥхьаӡара – 225, ашьҭаларҭа-ҭыԥқәа рхыԥхьаӡара –  8 835 рҟынӡа инаӡоит (аиуристтә хаҿқәа ирымоуп 3 930 –шьҭаларҭа-ҭыԥ, хазхаҭалатәи аусдкылаҩцәа – 4 904).  800 – шьҭаларҭа-ҭыԥ сынтәа ахархәаразы иалагалоуп.

Афон ҿыц ақалақь аҿы иҟоуп 66 рҟынӡа атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи раанкыларазы аобъектқәа, урҭ ирымоуп 2 379 рҟынӡа ашьҭаларҭа ҭыԥ.  

Ԥсырцха ақыҭан иҟоу атуристцәеи аԥсшьаҩцәеи раанкыларазы аобиектқәа рхыԥхьаӡара 45 рҟынӡа инаӡоит,  урҭ ирымоуп 1 087 рҟынӡа ашьҭаларҭа ҭыԥ.   

Рауль  Аҩӡба иажәақәа рыла, абиуџьет ахарҭәаара азы арезерв хаданы иҟоуп ашәахтә шәатәқәа рзы ауалқәа. Урҭ реицҵалыҵ ԥхынгәымза 1, 2023 шықәсазы 78 млн. 014,4 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡон.  

Аинспекциа ауалқәа ршәара алыршара азы иахәҭоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы мҩаԥнагоит, ҳәа иҳәеит иара.

Анҭыҵтәи аилатәара афинанс-нхамҩатә усура иадҳәалоу азҵаарақәа, иара убас араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭеи Ареспубликатә Унитартә Наплакы «Амшынеиқәафымцамч» Гәдоуҭатәи аҿгеи русура иазкуп. Уи рхы аладырхәит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Џьансыхә Нанба,  атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, араион ауаажәларра рхаҭарнакцәа.


Read 250 times - Аҩаша, 25 Ԥхынгәы 2023 13:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.