
pressadmin-2
АҞӘА АҚАЛАҚЬТӘ ЕИЗАРА АДЕПУТАТЦӘА АҚАЛАҚЬ АБИУЏЬЕҬ АҞЫНТӘИ ИРШӘО АСОЦИАЛТӘ ЦХЫРААГӠАТӘ ШӘАТӘҚӘА 50% РЫЛА ИШЬҬЫРХИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа ақалақь абиуџьеҭ аҟынтәи иршәо асоциалтә цхыраагӡатә шәатәқәа 50% рыла ашьҭыхра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Убас, абыда зыхшаара зааӡо анацәа аӡәы изы 1500 мааҭ рызшәалахоит.
Ахәыҷы рацәа (хҩык ахәыҷқәа) змоу аҭаацәа аӡәы изы 600 мааҭ рызшәалахоит; ԥшьҩык ахәыҷқәа змоу – аӡәы изы 900 мааҭ рызшәахоит; хәҩык, ма еиҳаны ахәыҷқәа змоу аҭаацәа – 1050 мааҭ аӡәы изы ирызшәахоит.
Аиаҭымцәа мызкы ироулоит 1500 мааҭ.
АҞӘА АҚАЛАҚЬТӘ ЕИЗАРА АДЕПУТАТЦӘА 2023 ШЫҚӘСАЗЫ АҚАЛАҚЬ АБИУЏЬЕҬ ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа 2023 шықәсазы ақалақь абиуџьеҭ шьақәдырӷәӷәеит.
Аусшәҟәы адгалара мҩаԥигеит Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа.
Аилатәара ихы алаирхәит аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба.
2023 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу ақалақь абиуџьеҭ ахашәалахәытә хәҭа аицҵалыҵ 1 млрд 428 млн 378,30 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит, аныхтә хәҭа – 1 млрд 534 млн 206,50 нызықь мааҭ.
Ареспубликатә биуџьеҭ аҟынтәи абиуџьеҭбжьаратәи аԥаратә хархәагақәа рыиагара - 105 млн 828,2 нызықь мааҭ рҟынӡа инаӡоит.
Ихадоу абиуџьеҭ шьақәзыргыло ахашәалахәқәаны иҟоуп: аиҿкаарақәа рхашәалахәы азы ашәахтә (38,7%), ахашәалахәытә шәахтә (47,8%), акцизқәа (3,5%), адгьылтә шәахтә (1,5 %), амазара ашәахтә (2,5%), иҷыдоу ашәахтә (4,8%).
2023 шықәазы иазԥхьагәаҭоуп 2022 шықәсазы аҳҭнықалақь абиуџьеҭ иаҿырԥшны 206 млн 940,1 нызықь мааҭ рыла аизырҳара.
2023 шықәсазы 2022 ашықәс иаҿырԥшны ахатәы хашәалахәқәа 206 млн 940,1 нызықь мааҭ рыла реизырҳарагьы азԥхьагәаҭоуп. Иазԥхьагәаҭоу аизырҳара ихадоу ахашәалахәқәа (ахашәалахәы азы ашәахтә, ахашәалахәытә шәахтә, акциза) ралагалара ацҵара иадҳәалахеит.
ЦӘЫББРАМЗА 1 ИНАРКНЫ АԤСНЫНТӘИ УРЫСТӘЫЛАҞА ЕКСПОРТЛА ИДӘЫҚӘҴАХЕИТ 20 246 ТОНН АМАНДАРИНА.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 1 инаркны ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәсанӡа Аԥснынтәи Урыстәылаҟа експортла идәықәҵахеит 20 246 тонн амандарина, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Аԥсны аҳәынҭқарратә ҳазылхратә Еилакы аҿы. Иҳаҩсыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Аԥснынтәи иалганы иган 14 877 тонна амандарина.
МАРИА ЗАХАРОВА: ЕВРОПАТӘИ АТӘЫЛАҚӘА РЕИДГЫЛА ГАНКАХЬАЛАТӘИ АӠБАМҬА АЛА МИЛЛИОНҨЫЛА АУААԤСЫРА РЕИҬАНЕИААИРА АԤКРАҚӘА АЛАГАЛАХОИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 21, 2022 шықәса рзы Европатәи атәылақәа Реидгыла Урыстәылатәи Афедерациа иҿыцу асубиектқәа, иара убас Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҿы ирыҭоу урыстәылатәи аҳәаанырцәтәи атәылауаҩшәҟәқәа рзинмчы азхамҵареи адымкылареи рыпринцип закәанла ашьақәырӷәӷәаразы иаднакылаз аӡбамҭа аофициалла иҭыжьхеит.
ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА: «АХӘЫҶҚӘА РААӠАРА АИҲАРАК АҬААЦӘА РҾЫ ИМҨАԤЫСУАЗАР АУП».
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ахаша, ԥхынҷкәынмза 21 рзы имҩаԥысыз азинхьчаратә усбарҭа ркоординациатә еилатәара аҿы дықәгылауа, ахымҩаԥгашьа азы адыррақәа ахәыҷы иҭаацәа рҿы ауп иахьиуоуша ҳәа иазгәеиҭеит.
Аминистр игәаанагарала, азинеиҿкаара аусбарҭақәа аҿар акриминал ахь ралагалара излауа ала армаҷра рҽазыршәоит, аха уи мацара азхоны иҟам. Ахәыҷқәа рааӡара аиҳарак аҭаацәа рҿы имҩаԥысуазар ауп:
«Асовет Еидгыла аҿы изызҳаз иргәалашәозар акәхап ҳамҩадуқәа рҿы атәым хәыҷқәа шыҟамыз. Иахьа, аиҳабы атәым хәыҷы лахьы ииҭар, уи иҭаацәа ирыдыркылаӡом, уи моу игәаауеит».
АМИЛАҬТӘ БИБЛИОТЕКА АХЫБРА ААИГӘАРА АԤСУА ШӘҞӘЫҨҨЦӘА РГӘАЛАШӘАРА АҲАҬЫР АЗЫ АҴЛАҚӘА ЕИҬАРҲАИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. И. Папасқьыр ихьӡ зху Амилаҭтә Библиотека ахыбра азааигәара аԥсуа шәҟәыҩҩцәа Дырмит Гәлиа, Самсон Ҷанба, Ӡаӡ Дарсалиа, Иуа Коӷониа, Миха Лакрба, Мушьни Ҳашба, Иван Папасқьыр ргәалашәара аҳаҭыр азы аҵлақәа еиҭарҳаит .
Аллеиа аартра аԥсуа шәҟәыҩҩы Иван Папақьыр диижьҭеи 120- шықәса аҵра иамадахеит.
2023 ШЫҚӘСА АКТӘИ АԤШЬБАРА АЗЫ АԤСНИ ШЬАМТӘЫЛЕИ РЫБЖЬАРА АИҚӘШАҲАҬРАҚӘА РЫБЖЬАҴАР АЗԤХЬАГӘАҬОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 23, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 22 рзы Шьамтәыла иҟоу Аԥсны аусқәа рзы аамҭалатәи агәрага Муҳаммед Али Шьамтәыла аимадареи аԥкаанҵеи Рдепартамент адиректор Анфауан Аль-Наиб диԥылеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Аганқәа ахәҭакахьала ахәаахәҭра-економикатә усхкқәа рганахьала знапаҵыҩра мҩаԥгоу аиқәшаҳаҭрақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны аусеицура активизациа иалацәажәеит.
Аиԥылара аҿы иара убас 2023 шықәса актәи аԥшьбара азы знапаҵыҩра азԥхьагәаҭоу аиқәшаҳаҭрақәеи аекономикатә, ахәҳаахәҭратә, анаукатә, атехникатә, акультуратә усеицура азы аҩганк ирзеиԥшу Акомитет аилатәара амҩаԥгареи ирылацәажәеит.
АҲҬНЫҚАЛАҚЬ АХАДАРА АҾЫ АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АНЫҲӘАТӘ УСМҨАԤГАТӘҚӘА РЫМҨԤГАРА АПЛАН ШЬАҚӘДЫРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 22, 2022. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь Ахадара аҿы Ашықәс ҿыци Қьырса ныҳәеи ирызку аусмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аплан шьақәдырӷәӷәеит. Атәыла аԥсаӡҵла Хада аныҳәатә аартра ацеремониа мҩаԥысуеит Ахақәиҭра Ашҭаҿы, ԥхынҷкәынмза 25, асааҭ 18:00 рзы. Ахәыҷқәа рзы ашықәсҿыцтәи арлахҿыхратә программақәа аҳҭнықалақь аҳаблақәа зегьы рҿы еиҿкаахоит.
Ԥхынҷкәынмза 26 – 29 рзы Е.Ешба ихьӡ зху апарк аҿы ахәыҷбаҳчақәа рааӡамҭацәа Ашықәс Ҿыц рыдныҳәалара иазку амузыкатә қәгылара мҩаԥысуеит. Иара убас ауаҩы ишәара иҟоу акьанџьақәа рыцнеиааиреи афотосессиақәеи еиҿкаахоит.
АГӘАБЗИАРАХЬЧАРА АМИНИСТР ЕДУАРД БЫҬӘБА АПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АИЛАТӘАРА ИХЫ АЛАИРХӘИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иҷыдоу акатегориа иаҵанакуа ахәшәқәеи амедицинатә маҭәашьарқәеи раиуразы азин узҭо арецептқәа ралҩаара апроблема иазкын иахьа имҩаԥысыз асоциалтә политикеи аџьеи агәабзиарахьчареи адемографиеи аибашьра аветеранцәеи аинвалидцәеи русқәа рзы апарламенттә Еилакы аилатәара.
Аилатәара Аилак алахәылацәа рнаҩс иалахәын атәыла агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, асоциалтә еиқәыршәареи адемографиатә политикеи рминистр Руслан Аџьба, Аԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи еибашьра аинвалидцәа Рфонд ахантәаҩы Дмитри Ҭарба.
АԤСНЫТӘИ АԤСЕИҚӘЫРХАҨЦӘА ЛУГАНСКТӘИ ЖӘЛАРТӘ РЕСПУБЛИКА АХЬ АГУМАНИТАРТӘ ЕИДАРА НАРГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 19, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рминистр Лев Кәыҵниа напхгара зиҭо аԥснытәи аԥсеиқәырхаҩцәа Лугансктәи Жәлартә Республика иаҭааит, ҳәа иаанацҳауеит аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа апресс-маҵзура.
Аиқәырхаратә Хылаԥшырҭа аусзуҩцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Гьаргь-иԥа Бжьаниа инапынҵала Лугансктәи Жәлартә Республика ахь 20 тонн инареиҳаны амандарина наргеит. Аиашьаратә жәлар аҟынтәи ацитрустә шәырқәа ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа раламҭалазы ареспублика иқәынхо ахәыҷқәа ирызшахоит.